АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Цәыббра.2024

Сергеи Шамба ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 15-шықәса ахьҵыз инамаданы Иван Хиль иахь адныҳәаларатә шәҟәы наишьҭит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сергеи Шамба  ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 15-шықәса ахьҵыз инамаданы Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль иахь адныҳәаларатә шәҟәы наишьҭит.

 

Анотаҟны иаҳәоит:

 

«Аԥсны ажәлар рзы иахьатәи амш акраҵанакуеит. 2009 шықәса цәыббра 10 азы Аԥсны аҩыза ду, Венесуела ажәлар раԥхьагылаҩ, акоманданте Уго Рафаель Чавес Фриас зхадараҿы дыҟоу, ахьыԥшымрахь амҩа иацу аԥышәарақәеи ауадаҩрақәеи бзианы издыруа Венесуела ауааԥсыра иазхарҵеит Аԥсны ажәлар ахақәиҭреи ахалаҟазаареи рзин шрымоу.

Ҳара аҵак ду раҳҭоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратәии аиашьаратәии еизыҟазаашьақәа. Ахәшьара уадаҩуп хаҭала шәара аԥсны-венесуелатә еимадарақәа рахь шәлагала.

Ҳақәгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ҩ-ганктәи ҳусеицура адинамикатә ҿиара аиуп ҳәа», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа атекст аҿы.

 


Read 94 times - Ахаша, 11 Цәыббра 2024 18:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.