АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Цәыббра.2024

Лыхны ақыҭан афымцатә цәаҳәақәа реиҭарҿыцра иалагеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭан, 40 инарзынаԥшуа аҭаацәара ахьынхо  Аџьамҽыӷра аҳаблаҿы, Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵа   инақәыршәаны афымцатә цәаҳәақәа реиҭарҿыцра иалагеит ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.

Акыр шықәа раахыс ари аҳабла ауааԥсыра афымцамч илаҟу амчхара иадҳәаланы ауадаҩрақәа рыман.

Лыхны ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Ахра Бганба ишазгәеиҭаз ала, «Афымцамч аганахьала даара ауадаҩрақәа рацәан, аҳабла ауааԥсыра уи азымхара ӷәӷәала ирныԥшуан». Аиҳарак ауадаҩрақәа зыхҟьоз иамаз ақәыӷәӷәара ззымычҳауаз атрансформатор акәын.

«Афымцацәаҳәақәеи атехникеи акыр иқәсхьан, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» афымцацәаҳәа зегы шьаҭанкыла аԥсахразы аӡбамҭа аднакылеит, – ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭатәи афымцацәаҳәақәа реихшарҭа аиҳабы Ахра Гагәылиа.  –  Аҭыԥ арелиеф  ауадаҩрақәа ацуп, аха, аспециалистцәа русуреи аҭыԥантәи ауааԥсыра иаадыԥшуа аилкаареи ачҳареи ирыбзоураны иарбоу апроект қәҿиарала анагӡара мҩаԥысуеит».

Уажәазы «Амшынеиқәафымцамч» аҟазауаа 21 шьаҟа дыргылеит, зымчхара 160 кВА иҟоу атрансформатор ықәдыргылеит. Иҿыцу афымцацәаҳәа анаӡара километрак аҟынӡа инаӡоит. Ахра Гагәылиа иажәақәа рыла, анаҩстәи аусурақәа рыхәҭа — ацәаҳәақәа рнагароуп, уи иабзоураны афымцацәаҳәақәа рҿы еиԥҟьарада иҭышәынтәалоу, иҳараку амчхара аиура алыршахоит. Аусурақәа рынагӡара иалагеижьҭеи шьҭа мызкы аҟара ҵуеит. Аусурақәа рзы аԥара азоужьуп ареспубликатә биуџьет аҟынтәи, урҭ рхыркәшара азԥхьагәаҭоуп иааиуа амчыбжь аҩныҵҟа.

Ақыҭауаа ас еиԥш ихымԥадатәииз хра злоу аиҭакрақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахадеи атәыла анапхгареи иҭабуп ҳәа рарҳәоит.  Аҭыԥантәи анхаҩы Фарид Кобахьиа ақыҭатә ԥсҭазаара аҿиаразы аинфраструктура иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

«Аԥсуа нхаҩы ҭынч дынхо-дынҵо иҟаларц азы уи инхараҿы ибзиоу афымцамчи амҩеи аӡи имазар ахәҭоуп», – ҳәа иҳәеит Фарид Кобахьиа. Иара афымцамч иадҳәаланы иҟаз ауадаҩрақәа жәашықәсала аӡбашьа аиуӡомызт ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.  

«Афымцацәаҳәақәа рырҿыцра иадҳәалоу аусурақәа – ари Лыхны ақыҭан аԥсҭазаара аҭагылазаашьақәа реиӷьтәра иазырханы иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рыхәҭа ауп. Араҟа иара убас амҩақәа реиҭашьақәыргылареи аинфраструктура  арҿыцреи мҩаԥысуеит», – ҳәа иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура иҟанаҵо адырра аҿы.

 

 

 

 

 


Read 280 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.