Аҟәа. Цәыббрамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реидгыла злахәыз аиԥылара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Амш азҵаараҟны иқәгылан аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи, адәныҟатәи аполитика, асоциал-економикатә ҿиара иазку азҵаарақәа.
Аидгыла иалахәу аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа ргәаанагарақәа еибырҳәеит, урҭ рнапхгаҩцәа рықәгыларақәа рыҟны Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа адгылара ирҭеит. Урҭ ражәақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада иполитика атәыла ашәарҭадара арӷәӷәара, атәылауаа рҭагылазаашьа аиӷьтәра иазынархоуп.