АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2024

Владимир Делба: «Ҳара уаанӡа еиԥш уажәгьы ауалафахәы ашәаразы иазоужьхо аԥаратә ҳархәагақәа ҳаԥшаалоит».

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахәҭакахьала ишаанкылоугьы, абиуџьеттә усхкқәа рҿы аус зуа аусзуҩцәа руалафахәы рызшәара азы аҭакԥхықәра нанагӡалоит, ҳәа Sputnik-Аԥсны арадио аефир аҿы аҳәамҭа  ҟаиҵеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

«Ҳара уаанӡа еиԥш уажәгьы ауалафахәы ашәаразы иазоужьхо аԥаратә ҳархәагақәа ҳаԥшаалоит. Аха уи еимгаеимцаракны, азеиԥш биуџьеттә система аԥсыҽхарала изыҟалаӡом. Жәаҳәарада, ҳара абиуџьет ахьчара азы ауснагӡатәқәа мҩаԥаагалоит. Шьаҭанкылатәи аҟазшьа змоу ахарџьқәа аамҭала иаанаҳкылалоит, урҭ рынагӡара аамҭа наскьаагалоит. Аха асоциалтә шәатәқәа  хымԥада инаҳагӡалоит, избан акәзар урҭ хадара злоу ихьчоу аныхтәқәа рыстатиақәа ирыҵанакуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Владимир Делба.

Владимир Делба иажәақәа рыла, ареспубликатә напхгаратә усбарҭақәа рсоциалтә ԥхықәрақәа рацәоуп.  

«Ҳара 2024 шықәсазы  зхышәа-ҵышәа 260 млн. мааҭ еиҳау асоциалтә шәатәқәа ҳамоуп. 13 категориа ирыҵанакуа ауаааԥсыра иарбоу асоциалтә шәатәқәа роуеит. Ишиашоу инагӡахо асоциалтә шәатәқәа рнаҩс егьырҭ асоциалтә ҵакы змоу ахарџьқәагьы ыҟоуп.  Уаанӡа еиԥш уажәгьы ҳара агәабзиарахьчара асистема иадҳәаланы ахарџь дуқәа ҳамоуп. Иаагозар, ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза инаркны нанҳәамзанӡа иарбоу ахықкқәа рзы иазоужьхеит 307 млн. мааҭ. Ас еиԥш ахарџь ҳара уажәада иаҳмоуӡацызт», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит  Владимир Делба.

Асоциалтә цхыраара ауснагӡатәқәа рахь иаҵанакуеит иара убас иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз, зматериалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу атәылауаа ацхыраара рыҭарагьы. Убас, 2024 шықәса 8 мыз рыҩныҵҟа ас еиԥш ацхыраара роуит 1 842-ҩык. Ацхырааразы иазоужьыз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  232 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Абиуџьет инацҵаны анагӡара

2024 шықәса 8 мыз рыҩныҵҟа Аԥсны ахатәы хашәалахәқәа 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы аасҭа 1 млрд. мааҭ рыла еиҳахеит.  

«Ҳазҭоу ашықәс 8 мыз рыҩныҵҟа абиуџьеттә система аҩаӡарақәа ҩба – ареспубликатәи аҭыԥантәи – иалагалахеит 1 млрд. мааҭ рыла еиҳаны иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа. Ареспубликатә биуџьет азы азакәан анагӡара шымҩаԥысуа атәы ҳҳәозар, араҟагьы ҳара ахашәалахәқәа реизҳара адинамика аабоит. Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза-жәабранмзазы арепубликатә биуџьет ахь иалагалахо ахатәы хашәалахәқәа реицҵалыҵ 4,4 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи ишьақәырӷәӷәаз арбагақәа рҟынтәи  63% шьақәнаргылоит.  Аизҳара атемп – 828 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа адырра ҟаҵеит Владимир  Делба.

Уи иажәақәа рыла, ареспублика аҿы иҿыцу ашәахтәқәа ыҟаӡам, ақәҵақәеи альготақәеи шыҟац ԥсахрада иаанхоит.  Ахашәалахәқәа рышьҭыхра аекономикатә активра ашьҭыҵреи атәыла иахьаҵанакуа аусдкылара аҳәаақәа рырҭбаареи рыла ауп ишымҩаԥысуа. Ареспубликатә биуџьет ахь алагалақәа рганахьала аԥыжәара змоу акәны иаанхоит Иназыцҵоу ахәԥса азы ашәахтә (НДС) – арепсубликатә биуџьет иалало ашәахттә хашәалахәы. Уи аҩаӡара, Владимир Делба иажәақәа рыла, акыр иҳаракуп, ҳәа уҳәар алшоит.

Ареспублика аҿы абиуџьеттә ҳасабырбара автоматизациа азы аусура  мҩаԥысуеит.  

«Абиуџьеттә ҳасабырбара автоматизациа ҳара алшара ҿыцқәа ҳзаанартуеит, афинанстә активқәа рбара азы алшара ҳанаҭоит. Ҳара иахьатәи амш азы акассатә еикәыршара, ашәатәқәа, алагалақәа, уҳәа рзы иҵабыргу, инагӡоу аинформациа ҳамоуп. Ҳәарада, абиуџьеттә ҳасабырбара автоматизациа абзоурала ҳара ихымԥадатәиу аинформациа зегьы ҳаулоит, абиуџьет ахь ахашәалахәқәа рхыԥхьаӡалареи абиуџьет аҟынтәи ашәатәқәа рымҩаԥгареи ирыдҳәалоу адыррақәагьы уахь иналаҵаны. Ари акыр зҵазкуа шьаҿоуп. Даараӡа сақәгәыӷуеит, ҳазҭоу ашықәс азы уи анагӡара алыршахап ҳәа», – ҳәа иациҵеит иара.

https://sputnik-abkhazia.ru/20240912/byudzhet-i-sotsobyazatelstva-delba    

 

 

 

 


Read 167 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.