АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2024

Ашықәс алагара инаркны Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭаахьеит 432 нызықьҩык инареиҳаны, Афонҿыцтәи аҳаԥы – 316 нызықьҩык инареиҳаны.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс алагара инаркны цәыббрамза  10 аҟынӡа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааз рхыԥхьаӡара 432 651-ҩык рҟынӡа инаӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атуризм Аминистрра. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иааҭааит 471 841-ҩык.  

2024 шықәсазы иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи иаланагалаз аԥара аицҵалыҵ  284 млн. 520 нызықь 700 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иҳаҩсыз 2023 шықәса, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы – 312 млн. 288 нызықь  700 мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Г.Смыр ихьӡ зху  Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс» ашықәс алагара инаркны цәыббрамза 10 аҟынӡа иаҭааит 316 427-ҩык. Иҳаҩсыз 2023-тәи ашықәс абри аамҭа иалагӡаны иаҭааит азы – 310 692-ҩык.  

2024 шықәсазы иҭииз абилеҭқәа рҟынтәи уи иаиуз ахашәалахәы азеиԥш еицҵалыҵ 221 млн 498 тыс. 900 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  Иҳаҩсыз 2023 шықәса, аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы – 217 млн. 484 нызықь, 400 мааҭ рҟынӡа инаӡон. 


Read 178 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.