АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Цәыббра.2024

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы еицырдыруа ашьапылампыласҩы Ахрик Цәеиба иира Амш азы адныҳәалара ҟанаҵеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 10 рзы иира Амш азгәеиҭоит аԥсуа шьапылампыл алегенда, Асовет Еидгыла аспорт азҟаза, жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгыла ачемпион, Асовет Еидгыла Ахраҿа занашьоу, Асовет Еидгыла, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара, Украина, Урыстәыла еизгоу амилаҭтә командақәа ԥшьба рыхәмарыҩ иаҳасабала Гиннес ирекордқәа рышәҟәы иалалаз Ахрик Цәеиба.

Ахрик Цәеиба  диит цәыббрамза 10, 1966 шықәса рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы. Ашьапылампыл ахәмарра далагеит 11 шықәса анихыҵуаз. 17 шықәса анихыҵуаз иара усҟан Асовет Еидгыла ачемпионат аҩбатәи алига аҿы иқәгылоз аҟәатәи «Динамо» аҿы ахәмарра азы ааԥхьара ирҭеит.

«Аҟәатәи акоманда азы саныхәмаруаз ауп сара Қарҭтәи аселекционерцәа рылаԥш саныҵашәаз. Аха урҭ ираԥысит Хабаровск аҟынтәи азыҟаҵаҩцәа. Хабаровсктәи аратә спорттә Клуб (СКА) усҟан актәи алига аҿы иқәгылон. Саргьы еиҳау аҩаӡараҿы схы ԥысшәарц сҭахын. Насгьы аррахь ааԥхьара аамҭагьы ааигәахон. Сара аҟәатәи «Динамо» аҿгьы арра аҟынтәи сацәырыхьчар ауан. Аха Хабаровстәи ашапылампылтә Клуб исыдыргалаз сара еиҳа сыхшыҩ азцеит. Иарбоу аклуб ахәмарҩцәа усҟан иазыҟаиҵон еицырдыруаз азыҟаҵаҩ Леонид Назаренко. Аиашазы, сара Хабаровск шықәсыбжак роуп сахьыхәмаруаз. Сара ҩаԥхьа сыргәаларшәеит Қарҭ. Хара имгакәа сара «Динамо» ашҟа амҩа сықәлеит… Исгәалашәоит раԥхьаӡа акәны қарҭаа разыҟаҵара ашҟа раԥхьатәи сытренер Владимир Шамба сышнеигаз. Уи, иазәаҭатәуп, ирацәаны еицырдыруа ааӡамҭацәа имоуп: Гогричиани, Ҳагба, Гәыбаз. 1988 шықәсазы ҳара зегьы акоманда «Динамо» ихадоу аилазаара аҿы ҳахәмаруан.  Владимир Асҭамыр-иԥа даараӡа ҳақәҿиарақәа дреигәырӷьон…», - ҳәа игәалаиршәоит Ахрик Цәеиба.

Ахрик Цәеиба дықәгылон «Хабаровск Аспорттә арратә Клуб азы, акомандақәа «Динамо» Тбилиси, «Динамо» Киев, «КамАЗ»  Набережные Челны, «Гамба Осака» Иапониа, «Аланиа» Владикавказ, «Пудонг» Китаи, «Уралан» Елиста, «Динамо» Москва реилазаара аҿы.

Асовет Еидгыла ачемпионатқәаа рҿы Ахрик Цәеиба имҩаԥигеит 123 матч, амба иҭаиршәит 1 гол, киевтәи «Динамо» азы - 91 матч, иҭаиршәит 2 гол. Урыстәыла ачемпионатқәа рҿы - 11 матч.

«Атренировкақәа рҿы, ахәмаррақәа раан ашьапылампыл изы иҟамзароуп авторитетқәа. Иҟоу акызаҵәык ампыл, аиндаҭлаҩ, ашьапылампыл аԥҟарақәа роуп», – ҳәа иԥхьаӡоит Ахрик Цәеиба.

Ахрик Цәеиба – Европа ачемпионат - 1992ш.  далахәын (8 матчк мҩаԥигеит, урҭ рахьынтә 2 -  афиналтә турнир аҿы). Москва ақалақь 850-шықәса ахыҵреи, урыстәылатәи ашьапылампыл  100-шықәса ахыҵреи ирызкны Урыстәыла еизгоу акоманда аиҩызаратә ацхәмарраан ФИФА еизгоу акоманда аилазаара далаҵан (18.08.1997 ш., Урыстәыла – ФИФА,  0:2).

1990 шықәса рзы  Ахрик Цәеиба Асовет Еидгыла еизгоу акоманда ахь ааԥхьара ииҭеит уи азыҟаҵаҩ хада Валери Лобановски, уи усҟан иара убас киевтәи «Динамогьы» дахагылан. Иара еизгоу акомандазы дыхәмаруан уи Анатоли Бышовец данахагылазгьы. Зынӡа еизгоу акоманда азы дыхәмарит 17 матч. Аха нас ари акоманда аԥыххеит. Иоуз ахәахәара иахҟьаны 1990 шықәсазы имҩаԥысуаз ачемпионат ихы изаламырхәӡеит.

Ашьапылампыласҩы икариера хиркәшеит 2001 шықәсазы москватәи «Динамо» аҿы.

Рашәарамза 12, 2024 шықәсазы, Казань ақалақь аҿы, Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа аартра иадҳәалаз аныҳәатә церемониа аҿы Ахрик Цәеба Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ кны аԥснытәи аспортсменцәа драԥхьагыланы аренахь дцәырҵит.

 

 

 

 

 

 


Read 131 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.