АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Цәыббра.2024

Атурист 45 кьыла инареиҳаны зыиагара азин ыҟам амаҭәашьар Аԥсныҟа аиагара иҽазишәеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Аԥсныҟа иаауаз автомашьына  CHEVROLET CAPTIVA.  Аҳазалхратә гәаҭара ахысра аламҭалазы амашьынарныҟәцаҩ апассаџьыртә ҳазалхратә декларациа хаимырҭәааӡеит, иагьалаимҵаӡеит.

Аинспектор аҳазалхратә шәҟәҭагалара зҭаху атаурақәа рзы иҟаиҵаз азҵаара аҭакс ахаҵа ус еиԥш иҟоу имаӡам ҳәа иҳәеит. Ахаҵа ианиазҵаауаз игәарҭеит агәҭынчымра шааирԥшуаз, убри азы уи дзықәтәаз амашьына амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә комплекс ахархәарала агәаҭарахь идәықәырҵеит.  Асканерҵыхра ашьҭахь еилкаахеит атранспорттә хархәага аԥсахгатә барбал аҿы ишәшьырку азона шыҟоу, уи иаанагоз изакәанымкәа атауар аиагаразы аҽазышәара афакт ҟалар алшоит ҳәа ауп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Шәача ақалақь аҿы Краснодартәи атәылаҿацә апресс-маҵзура.

«Амашьына аидараҭыԥ аҿы иҭаз аԥсахгатә барбал аҩныҵҟа иҭаҵәахын насваи ҳәа изышьҭоу аҭаҭынтә еиларшьышьы зҭаз ааилаҳәарақәа, – ҳәа адырра ҟаиҵеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхра иатәу Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аиҳабы Алеқсеи Быков. – Абарбал аҩныҵҟа иҭыргеит 20 кьыла инарзынаԥшуа хыхь зыӡбахә ҳәаз амаҭәашар».

Аиԥш-зеиԥшу амаҭәашьар зҭаз ааилаҳәарақәа аарԥшхеит иара убас автомашьына асалон аҿгьы, амашьынарныҟәцаҩи апассаџьыртә тәарҭақәеи рыҵаҟа, иара убас амаҭәашьар ахәҭак ашьҭахьтәи атәарҭа иқәыз ахатәы маҭәақәа ирылаз арҭмаҟ иҭаз акуртка амаӷра иҭаҵәахын.

1989 шықәсазы ииз Узбекьысҭан атәылауаҩ ишеиҭеиҳәаз ала, насваи иара Аԥсны инхо идырцәеи иҩызцәеи иҟарҵаз аҳәарала иааигон. Азинеилагара зыҟаиҵазгьы аҳазалхратә ԥҟарақәа рымдырра иахҟьеит.

Атауар аконфискациа мҩаԥган, уи аекспертизаҟа идәықәҵахеит. Аексперт иҟаиҵаз алкаа ала, ааилаҳәарақәа ирҭаз зыԥштәы еиқәаҵәаз аԥсыӡкәтаӷьцыра еиԥшыз акәымпылқәа рсахьеи аҭаҭын афҩи змаз амаҭәашьар насваи ҳәа изышьҭоу аҭаҭын еиларшьышьы ауп.  Зыиагаразы аҽазышәара мҩаԥгаз, ахара иазкым аҭаҭынтә аалыҵ азеиԥш капан 45,7 кьыла рҟынӡа инаӡоит.

Аҭаҭыни аҭаҭынтә аалыҵи, насваи ҳәа изышьҭоу аҭаҭынтә еилашьышьгьы уахь иналаҵаны, ахатәы хархәара иазку,Е вразиатәи Аекономикатә Еидгылара  аҵакыра ахь алагалара азин ыҟам атауарқәа ирхыԥхьаӡалоуп. Узбекьысҭан атәылауаҩ иганахьала административтә зинеилагарақәа рзы аусқәа хацыркуп.

Насваи – Абжьаратәи Азиа аҿы ирыларҵәоу, аҭаҭын анаҩс иртәоу акьыр, мамзаргьы азифт иалҵыз аҵәыҵәҵаа злоу, ахара иазкым аҭаҭынтә еилашьышьы ауп.  Иара убас иарбоу аилашьышьы иалазар ауеит азеҭи ирҩоу акәтыҟь, мамзаргьы амахҽҟьы. Урыстәыла аҩныҵҟа насваи ала аизакылаҭиреи азаҵәылаҭиреи рзы азин ыҟыӡам. Насваи ахархәара ашьцыларагьы адыруеит, уимоу, наҟ-наҟ агәабзиара акыр иаԥырхагахар алшоит, ахәҭакахьала, ауаҩы ихаԥыцқәа ԥхасҭанатәуеит, иҿаҵа аканҵлахҟьа арԥхҭуеит, ачысҟырҟи афытәырсаратә системеи ааха ӷәӷәа анаҭар алшоит, акьытеитә ҿкы чымазарақәа цырнагар ауеит.

 

 

 


Read 54 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.