Аҟәа. Цәыббрамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, аԥкьаҭмпылтә клуб «Аҟәа» акортқәа рҿы Москва ақалақь Амш азгәаҭара инамаданы аԥкьаҭмпыл азы ахәыҷтәы турнир аатит.
Аицлабрақәа рхы аладырхәуеит ақәратә категориақәа ҩба ирыҵанакуа ахәыҷқәа. «Москва Аҩны» адиректор Алеқсандр Бигәаа Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо атурнир атәы еиҭеиҳәеит.
«Ари шьҭа ахԥатәи атурнир ауп ҳара ҳкоманда аиҿкаарала имҩаԥысуа. Аԥхьанатә уи Ахәыҷқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуан, аха сынтәа уи Москва ақалақь Амш азгәаҭара иазхоит.
Иалахәуп 45-ҩык ахәыҷқәа қәрала еихшаны. Атурнир мҩаԥысуеит ақәратә категориақәа ҩба ирыҵанакуа ахәыҷқәа рыбжьара: 8 – 10 шықәса зхыҵуеи 10 – 13 шықәса зхыҵуеи рыбжьара. Аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи хазы-хазы еицлабуеит. иара убас еилоу аеихацалаку аицлабрақәагьы мҩаԥгахоит», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Бигәаа.
Абар шьҭа ҩы-шықәса инеиԥынкыланы атурнир аӡбаҩ хаданы дыҟоуп – аԥышәа ду змоу, Ашлем Дууи Аолимпиадеи рҿы уахь иналаҵаны, урыстәылатәии жәларбжьаратәии атурнир дуқәа рҿы ас зухьоу аспециалист.
«Атурнир хымш имҩаԥыслоит. Аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи аҳамҭақәа – ахраҿақәеи амедалқәеи ранашьахоит», – ҳәа иеиҭеиҳәеит Алеқсандр Бигәаа.
Атурнир ахықәкы хаданы иҟоуп – ахәыҷтәы спорт аҿиареи Аԥсны аԥкьаҭмпыласыҩцәа қәыԥшцәа адгылара рыҭареи.
«Аԥсны аԥкьаҭмпыл апопопулиарра зҵоу аспорт хкны иҟоуп, аха, рыцҳарас иҟалаз, ихыбу акортқәа ыҟаӡам. Ахьшәашәарақәа раан ахәыҷқәа иарбоу аспорт хкы иазкым азалқәа рҿы рҽазыҟарҵар акәхоит, уи аҽазыҟаҵарақәа реффективреи аԥкьаҭмпыл ҿарацәа разыҟаҵара аҩаӡареи ланарҟәуеит. Ҳара иаҳҭахуп аҳәынҭқарреи аспонсорцәеи иарбоу апроблема радыԥхьалара ҳҽазаҳшәоит. Ҳара иаҳҭахуп ахәыҷқәа алшықәсанык иарбоу аспорт хкы ала аҽазыҟаҵаразы алшара роурц», – ҳәа иҳәеит Алеқсандр Бигәаа.
Аицлабрақәа хыркәшахоит цәыббрамза 12 рзы.
Аиҿкааҩ – Аҟәа иҟоу Москва Аҩны, адгылара ҟарҵеит — Москва Аиҳабыра, Москва адәныҟаекономикатәии жәларбжьаратәии аимадарақәа р-Департамент, аицџьынџьуаа Москватәи Рыҩны.