Items filtered by date: Аԥшьаша, 23 Хәажәкыр 2023
АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА СЕРГЕИ ЛАВРОВ «АХЬӠ-АԤША» АОРДЕН I АҨАӠАРА ИАНАШЬАРАЗЫ АУСԤҞА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵараҟны, аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи рыҟны илагаламҭа ду азы «Ахьӡ-Аԥша» аорден I аҩаӡара ианашьазааит Лавров Сергеи Виктор-иԥа», — аҳәоит 2023 шықәса хәажәкырамза 21 азы Аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵаҩыз Аусԥҟа аҟны.
АСЛАН БЖЬАНИА: АԤСАДГЬЫЛ АХЬ АХЫНҲӘРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АԤСУА ДИАСПОРЕИ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ЕИМАЗДО ИХАДАРОУ УСБАРҬОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аԥҵара 30-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Никалаи-иԥа!
Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы 30-шықәса ахыҵра. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы еиҿкаан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра еиҳа ианыуадаҩыз аамҭазы, 1993, шықәса хәажәкырамза 23 рзы. Ари акт шаҳаҭра ауан, агәрагарагьы ҳнаҭон, иаарласны Аиааира ҳара ишаҳтәхоз, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыргьежьра шхымԥадатәиу, ҳауаажәлар рзы арепатриациа иадҳәалоу азҵаарақәа аҵак ду шрымоу.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аусура ҳәаақәнаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан, уи даҽазныкгьы шаҳаҭра ауеит ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рыхынҳәра аус акырӡа шаҵанакуа. 30 шықәса раахыс Аилак аҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы хадақәа қәҿиарала инанагӡоит – арепатриантцәа рырхынҳәра аус аиҿкаара, адаптациа рахысра, рабдуцәа рџьынџь дгьыл аҟны анхареи-анҵыреи рзы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара, уҳәа убас егьырҭгьы.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ 50 ШЬАПЫ АЏАБА ҴЛАҚӘА ЕИҬАРҲАУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы еиҭарҳараны иҟоуп 50 шьапы рҟынӡа аџаба ҵлақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Аҳҭнықалақь Ахадара Анхара-Коммуналтә Нхамҩа Адепартамент аиқәыршәазаара азы анџьныр-аспециалист Кама Қәҭелиа иҟалҵаз адыррақәа рыла, иаахәоуп 50 инарзынаԥшуа аџаба ҵла ашьапқәа. Урҭ Абазаа рымҩадууи Владимир Аршба имҩеи Аиааира Апроспекти, иара убас Тарас Шамба ихьӡ зху Апарки рҿы еиҭаҳахоит.
14-15 шьапы Владимир Аршба имҩаду – Лакоба имҩа аҟынтәи ҵаҟа амшын аганахьала инагоу амҩаҿы еиҭаҳахоит.
«Уаҟа уаанӡа аџаба ҵлақәа азҳауан, аха урҭ ахьажәыз иахҟьаны ҵлақәак ԥырҟар акәхеит, аха аҵла ҿақәа аанхеит», – ҳәа илҳәеит лара.
В СУХУМЕ ВЫСАДЯТ 50 МАГНОЛИЙ
Сухум. 23 марта 2023. Апсныпресс. В Сухуме высадят 50 корней магнолии, сообщается на сайте столичной Администрации.
Инженер-специалист по благоустройству столицы Департамента ЖКХ Администрации Сухум Кама Кутелия рассказала, что закуплено 50 корней магнолии. Они будут высажены на улицах Абазинская и Владимира Аршба, на Проспекте Аиааира и в Парке им. Тараса Шамба.
НИКОЛАИ ПАТРУШЕВИ СЕРГЕИ ШАМБЕИ Ҩ-ҲӘЫНҬҚАРРАК РМИЛАҬТӘ ШӘАРҬАДАРА ИАДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Москва ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ иԥылара мҩаԥигеит.
Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара Ахеилак аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, Николаи Патрушеви Сергеи Шамбеи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны ҩ-ҳәынҭқарратә рмилаҭтә шәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Иара убас, аганқәа ашәарҭадара ахеилакқәа раппаратқәа рыбжьара амчратә хылаԥшырҭақәеи азинхьчаратә усбарҭақәеи русеицура арӷәӷәара азы аусмҩаԥгатәқәа азԥхьагәазҭо 2023-2024 шш. аусеицура аплан анапаҵыҩра мҩаԥыргеит.
ИМҨАԤЫСИТ АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АСЕИССИА ИЗААМ)АНЫТӘИУ АИЛАТӘАРА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәараАпарламент Аиҳабы Ашәба Лаша ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәара.
Ирыхәаԥшит иагьрыдыркылеит аҵыхәтәантәи аԥхьараан Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа:
«Афинанстә қьыразы (ализинг азы)»
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 45 административтә зинеилагарақәа ралагаларазы».
«Административтә зинеилагарақәа ирызку аусқәа рзы аӡбареиҿкааразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 216 ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.
«Амҩатә ныҟәарақәа русхк аҟны административтә зинеилагарақәа рыҟаҵаразы аҭакԥхықәра арӷәӷәара ахәҭаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» Ажәахәҟаҵаҩ – Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Ирыхәаԥшит актәи аԥхьараан ирыдыркылеит азакәанапроектқәа:
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атуристтә усуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы (Аԥсны Абанк азы)» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Маршьан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы».
Ажәахәҟаҵаҩ – Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.
Ирыхәаԥшит иагьрыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ақәҵарақәа:
ЛАША АШӘБА: АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АУСУРА АНХАЦЫРКЫЗ ИНАРКНЫ АԤСУА ҲӘЫНҬҚАРРА АРГЫЛАРАҞНЫ АДИАСПОРА АЛШАРАҚӘА РХАРХӘАРА АЗҴАРА ИАХЬАГЬЫ ХРА ЗЛОУ ЗҴААРАНЫ ИҚӘГЫЛОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив Аилак аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит. Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа ихьӡала иҟаҵоу адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы 30 шықәса ахыҵра.
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәыгоу ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара, урҭ Аԥсныҟа рыхынҳәреи Аԥсны анҭыҵ инхо аԥсуа (абаза) диаспореи Аԥсны Аҳәынҭқарреи мҽхакы ҭбаала реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара иазкыз ауснагӡатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, 1992–1993 шш. рзы иаԥҵаз Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҵак ду змоу ҳҳәынҭқарратә политика ахырхарҭақәа ируакуп.
Аҳәынҭқарратә еилакы аусура анхацыркыз инаркны Аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҟны адиаспора алшарақәа рхархәара азҵаара иахьагьы хра злоу зҵаараны иқәгылоуп. Шықәсырацәала еиқәырханы иааҳго ҳаимадарақәа реихаҳара шымҩаԥысуа атәы аҳәоит иахьа ҳдиаспора ахаҭарнакцәа гәацԥыҳәарала ҳтәыла ауаажәларратә, аполитикатә, аекономикатә, акультуратә ԥсҭазаара иахьалахәу.
ИЗАКӘАНЫМКӘА АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА РЫДКЫЛАРА АЗЫ АДМИНИСТРАТИВТӘ ХЬЫРХӘРА АЗԤХЬАГӘАҬОУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара–Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы Аԥсны административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 45 аиҭакрақәа аларгалеит.
Изакәанымкәа, аҳақьым иабжьгарада анаркотикатә, ма арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рхархәара (амарихуана, мамзаргьы гашиш ҳәа изышьҭоу уахь иналамҵакәа), иара убас амедицинатә еилкаара мап ацәкра азы 3-мыш ирҭагӡаны административтә хьырқәра ақәыршәара азԥхьагәаҭоуп.
АԤСАДГЬЫЛ АХЬ АХЫНҲӘРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ 30-ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аԥҵара 30-шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аусзуҩцәеи Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ Кавказынтәи иааз асасцәеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориали, иара убас Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Кавказти аибашьра иалаӡыз рбаҟеи рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилакы аԥҵан хәажәкырамза 23, 1993 шықәса азы Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз, еиҳа иуадаҩыз аамҭа азы.
Аҳәынҭқарратә Еилакы ахықәкы хадақәа иреиуоуп - Аԥсны Аҳәынҭқарреи аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа (абаза) диаспореи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи, арепатриантцәа рырхынҳәра аус аиҿкаара, адаптациа рахысра, рабдуцәа рџьынџь дгьыл аҟны анхареи-анҵыреи рзы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара, уҳәа убас егьырҭгьы.
«Арепатриантцәа рзы» Аԥсны аконституциатә закәан инақәыршәаны, ХIX ашәышықәса азы иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ирыхҟьаны зҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны имцар ада ԥсыхәа змауз ҳџьынџьуаа рхылҵышьҭрақәа Аԥсныҟа рыхынҳәра инаркны 5-шықәса ирылагӡаны арепатриант истатус рымоуп.
Иарбоу 5 шықәса рыбжьара Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы арепариантцәа излауа ала афинанстә цхыраара рынаҭоит, анхарҭа ҭыԥ ала реиқәыршәара алнаршоит, ирзоунажьуеит адгьылтә ҭыԥқәа, усурала реиқәыршәареи Аԥсны атәылауаҩра рыҭареи еиҿнакаауеит, арепатриантцәа рхәыҷқәа ашколнӡатәи аусбарҭақәеи ашколқәеи рҵара ахәԥса ашәареи ахәҭак ала Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы рҵара ахә ашәареи ахахьы иагоит.