Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы еиҭарҳараны иҟоуп 50 шьапы рҟынӡа аџаба ҵлақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Аҳҭнықалақь Ахадара Анхара-Коммуналтә Нхамҩа Адепартамент аиқәыршәазаара азы анџьныр-аспециалист Кама Қәҭелиа иҟалҵаз адыррақәа рыла, иаахәоуп 50 инарзынаԥшуа аџаба ҵла ашьапқәа. Урҭ Абазаа рымҩадууи Владимир Аршба имҩеи Аиааира Апроспекти, иара убас Тарас Шамба ихьӡ зху Апарки рҿы еиҭаҳахоит.
14-15 шьапы Владимир Аршба имҩаду – Лакоба имҩа аҟынтәи ҵаҟа амшын аганахьала инагоу амҩаҿы еиҭаҳахоит.
«Уаҟа уаанӡа аџаба ҵлақәа азҳауан, аха урҭ ахьажәыз иахҟьаны ҵлақәак ԥырҟар акәхеит, аха аҵла ҿақәа аанхеит», – ҳәа илҳәеит лара.
5, ма 7 шьапы Тарас Шамба ихьӡ зху Апарк аҿы еиҭарҳауеит. 15 шьапы инарзынаԥшуа Алашарбага аганахьала – аԥкьаҭмпылтә дәқәа инадыркны ахәыҷбаҳча «Аԥра» аҟынӡа.
Аџаба ҵлақәа Абазаа рымҩа иаваршәны – Арӡынба имҩа аихысырҭа аҟынтәи Ӡиӡариа имҩа аихысырҭа аҟынӡа еиҭаҳахоит. Иҳаҩсыз ашықәс ааԥынра азы 50 шьапы инарзынаԥшуа ари амҩаҿы еиҭаҳан.