АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Хәажәкыр.2023

АԤСАДГЬЫЛ АХЬ АХЫНҲӘРАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ 30-ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аԥҵара  30-шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аусзуҩцәеи Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Нхыҵ Кавказынтәи иааз асасцәеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориали, иара убас Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы игылоу Кавказти аибашьра иалаӡыз рбаҟеи  рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.  

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилакы аԥҵан хәажәкырамза 23, 1993 шықәса азы Аџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз, еиҳа иуадаҩыз аамҭа азы.  

Аҳәынҭқарратә Еилакы ахықәкы хадақәа иреиуоуп -  Аԥсны Аҳәынҭқарреи аҳәаанырцә иҟоу аԥсуа (абаза) диаспореи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиареи рырӷәӷәареи, арепатриантцәа рырхынҳәра аус аиҿкаара, адаптациа рахысра, рабдуцәа рџьынџь дгьыл аҟны анхареи-анҵыреи рзы аҭагылазаашьа бзиа аԥҵара, уҳәа убас  егьырҭгьы.

«Арепатриантцәа рзы» Аԥсны аконституциатә закәан инақәыршәаны, ХIX ашәышықәса азы иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа ирыхҟьаны зҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны имцар ада ԥсыхәа змауз  ҳџьынџьуаа рхылҵышьҭрақәа Аԥсныҟа рыхынҳәра  инаркны 5-шықәса ирылагӡаны арепатриант истатус рымоуп.  

Иарбоу 5 шықәса рыбжьара Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы арепариантцәа излауа ала афинанстә цхыраара рынаҭоит, анхарҭа ҭыԥ ала реиқәыршәара алнаршоит, ирзоунажьуеит адгьылтә ҭыԥқәа, усурала реиқәыршәареи Аԥсны атәылауаҩра рыҭареи еиҿнакаауеит, арепатриантцәа рхәыҷқәа ашколнӡатәи аусбарҭақәеи ашколқәеи рҵара ахәԥса ашәареи ахәҭак ала Аԥсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы рҵара ахә ашәареи ахахьы иагоит.

1995 шықәсазы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны  аҳәынҭқарратә Еилакы ҩ-еиҿкааракны еихшан: Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу аџьынџьуаа рымадара азы Аилаки Аԥсны Адемографиатә фонди.

1997 шықәсазы арҭ аиҿкаарақәа ҩаԥхьа арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакны еидҵахеит. Арепатриациа апрограмма афинанстәра азы 1998 шықәсазы иаԥҵан абиуџьеҭнҭыҵтәи Арепатриациа афонд.

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра азы Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы имаҵураҭыԥ ааныркылон:

Ашәба Ныгәзар Нури-иԥа (1993-1995 шш.),

Аҩӡба Фениа Михаил-иԥҳа (1995-1997 шш.),

Допуа Гиви Хонел-иԥа (1997-2002 шш., 2003-2004 шш.),

Шьынқәба Аполлон Естат-иԥа  (2002-2003 шш ),

Мықәба Анзор Коко-иԥа (2005-2010 шш), Адлеиба Зураб Кибеи-иԥа (2010-2013 шш.),

ЏЬопуа Хьрыԥс Радион-иԥа (2013-2015 шш.). Ҳаразиа Вадим Николаи-иԥа (2015-2017 шш.).

Дбар Беслан Андреи-иԥа (2017-2020 шш.).

Уажәы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ҩаԥхьа напхгара аиҭоит Вадим Ҳаразиа.


Read 276 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.