АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Хәажәкыр.2023

ИЗАКӘАНЫМКӘА АНАРКОТИКАТӘ МАҬӘАШЬАРҚӘА РЫДКЫЛАРА АЗЫ АДМИНИСТРАТИВТӘ ХЬЫРХӘРА АЗԤХЬАГӘАҬОУП.

Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара–Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы Аԥсны административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 45 аиҭакрақәа аларгалеит.

Изакәанымкәа, аҳақьым иабжьгарада  анаркотикатә, ма арҩышьыгатә маҭәашьарқәа рхархәара (амарихуана, мамзаргьы гашиш ҳәа изышьҭоу уахь иналамҵакәа), иара убас амедицинатә еилкаара мап ацәкра азы  3-мыш ирҭагӡаны административтә хьырқәра ақәыршәара азԥхьагәаҭоуп.

Шықәсык иалагӡаны ҩаԥхьа аиԥш-зеиԥшу азинеилагара азы 10-мыш ирҭагӡаны административтә хьырхәра ақәыршәара азԥхьагәаҭоуп.

Изакәанымкәа, аҳақьым иабжьгарада амарихуана, мамзаргьы гашиш ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар адкыларазы даҽазнык аҭакԥхықәра ақәыршәара азԥхьагәаҭаӡам.


Read 190 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.