Аҟәа. Хәажәкырамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аколлектив Аилак аԥҵоижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит. Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа ихьӡала иҟаҵоу адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Вадим Николаи-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы 30 шықәса ахыҵра.
Зҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҟәыгоу ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара, урҭ Аԥсныҟа рыхынҳәреи Аԥсны анҭыҵ инхо аԥсуа (абаза) диаспореи Аԥсны Аҳәынҭқарреи мҽхакы ҭбаала реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара иазкыз ауснагӡатәқәа рынагӡара хықәкыс иҟаҵаны, 1992–1993 шш. рзы иаԥҵаз Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аҵак ду змоу ҳҳәынҭқарратә политика ахырхарҭақәа ируакуп.
Аҳәынҭқарратә еилакы аусура анхацыркыз инаркны Аԥсуа ҳәынҭқарра аргылараҟны адиаспора алшарақәа рхархәара азҵаара иахьагьы хра злоу зҵаараны иқәгылоуп. Шықәсырацәала еиқәырханы иааҳго ҳаимадарақәа реихаҳара шымҩаԥысуа атәы аҳәоит иахьа ҳдиаспора ахаҭарнакцәа гәацԥыҳәарала ҳтәыла ауаажәларратә, аполитикатә, аекономикатә, акультуратә ԥсҭазаара иахьалахәу.
Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы арепатриант истатус зауз атәылауаа қәҿиарала адаптациа иахысразы, ареспубликаҟны рзинтә ҭагылазаашьа шьақәзырӷәӷәо аҳәынҭқарратә система иахәҭаку усбарҭаны иаԥҵоуп. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аусура адемографиа, асоциалтә хьчара, усурҭа ҭыԥла, нхарҭала аиқәыршәара, аҵараиура уҳәа ирызку аҳәынҭқарратә программақәа рынагӡара иазкуп.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы зааԥсара аду аветеранцәа, иахьа амаҵ азызуа зегьы имҩаԥгоу аусуразы. Ишәзеиӷьасшьоит аԥхьаҟагьы аихьӡарақәа шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны".