Аҵараиурҭа адиректор, Аԥсны жәлар рсахьаҭыхҩы Амиран Адлеиба аҵаҩцәа разыҟаҵара аҩаӡара шыҳараку азгәеиҭеит, ари амш аусбарҭа аԥсҭазаараҿы аҵак ду шамоу дазааҭгылеит.
«Аҳәынҭқарратә ԥышәара ишьақәнаргылоит ҳаушьҭымҭацәа академиатә зыҟаҵара ахьынӡарымоу. Аҿыханҵа аҟәша напхгара аиҭоит аԥышәа ду змоу еицырдыруа аҟаза Нодар Ҵәыџьба, амаҭәа адизаин аҟәша – зус бзианы издыруа аспециалист Сиузанна Кәарҷиа. Аԥышәаратә комиссиа напхгара аиҭоит еицырдыруа асахьаҭыхыҩ, аинтеллектуал, атеоретик Адгәыр Ӡиӡариа. Ари аԥышәара ахысра имариам усуп», – ҳәа азгәеиҭеит адиректор.
Арҿиаратә знеишьала ирбеиоу академиатә дыррақәа аҵаҩцәа рхаҭара ашьақәыргылара иазырхоуп.
вчера 0:50
А.Чачба-Шервашиӡе ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаркыратә ҵараиурҭаҿы аушьҭымҭацәа рдипломтә усумҭақәа рыхьчеит
Шәҩык инареиҳаны астудентцәа аҵара ахьырҵо аҵараиурҭа сынтәа иалгоит аспециалистцәа ҿарацәа ргәыԥ ҿыц: 11-ҩык - аҿыханҵа аҟәша аҟынтәи, хәҩык-адизаин аҟәша аҟынтәи. Аԥышәаратә комиссиа аилазаара иалан Аԥсны акультура аминистрра ахаҭарнакцәа.






