Араионтә ҟәшақәа рнапхгаҩцәа ашәарақәа реизгаразы уажәтәи аҭагылазаашьазы инарҭбаау аҳасабырбақәа ӡырыргеит.
Аиԥылара алахәылацәа афымцамч азы ашәарақәа реизгараан ихадоу аԥынгылақәа инҭырҳәцааны еилдыргеит.
Аилацәажәара аихшьаалақәа рыла, аенергетика аминистр аҭиратә маҵзурақәа зегьы рҿаԥхьа адҵақәа ықәиргылеит:
агәаҭаратәи агәынамӡара-зыҳәаратәи усура аӷәӷәара;
есыҽны алагалақәа рмониторинг амҩаԥгара, алашара арцәара иаарласны ахаҵгылара;
амуниципалтә структурақәа аус рыцура аиӷьтәра.
вчера 0:50
Ахархәара зауз афымцамч азы ашәарақәа реизгара аеффективра аизырҳареи аплантә рбагақәа рынагӡареи иазкын аминистр Баҭал Мышәба имҩаԥигаз аилацәажәара
«Аԥарашәаратә дисциплина ишиашоу иадҳәалоуп аенергосистемаҿы ҭагалани аӡыни иҟоу ақәыӷәӷәара дуқәа риааира. Ахархәаҩцәа рҟынтәи аԥаратә лагалақәа – ари аӡынтәи амзақәа рзы, амчхара азымхара ахҩаразы, ихымԥадатәиу акоммерциатә фымцамч ианаамҭоу аашьҭреи афымцатә ҳақәа реиҭашьақәыргылареи алзыршо ресурсуп», – ҳәа азгәеиҭеит аминистр.






