Items filtered by date: Ашәахьа, 20 Хәажәкыр 2023

Аҟәа.  Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәии аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрграмма ала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рсоциалтә блок азы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, аҵарадырра аминистр Инал Габлиа Алеқсандр Анқәаб асоциалтә еиқәаршәара, агәабзиарахьчара, аҵарадырра аусхкқәа рҿы азакәан апроектқәеи азакәанцҵатә шәҟәынҵақәеи аус рыдулара астадиақәа рзы адырра ирҭеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза  20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс   Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аԥыԥшыҩ, амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «г»   иазԥхьагәанаҭо – амаҵуратә ҭагылазаашьа ахархәарала анаркотикатә маҭәашьарқәа рацәаны анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны аахәареи аҵәахреи ирыдҳәалоу ацәгьоура аҟазшьақәа рыла ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.       

Апрокуратура Хада асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы, Леон Имҩаду 29 ала иҟоу аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анхамҩатә дәы иахьаҵанакуа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатәы шәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа рхы иархәаны имҩаԥыргаз аусмҩаԥгатә иалагӡаны дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аԥыԥшыҩ, амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа. Хаҭала игәаҭараан Аик Арзуманиан идырбалеит аполиетилен еиқәаҵәа илаҳәаз аххыраԥшра змоу амаҭәашьар шкәакәа злаҳәаз аилаҳәара, иара убас ҩ-граммк ицо ашприцқәа. Уи зегьы Аик Арзуманиан изакәанымкәа аусеилыргарала макьаназы ишьақәыргылам аҭагылазаашьақәа раан иааихәаз, анаҩс имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аҿы зыҭира гәҭакыс ииаз маҭәарқәоуп.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит.

Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә усеицураҟны жәларбжьаратәи амшахәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа. 

Аиԥылара далахәын Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс  /Лана Ҵәыџьба/.  Гәдоуҭа араион аҿы 2023 шықәса алагара инаркны скарлатина ҳәа изышьҭоу аҿкы чымазара рылаҽра иадҳәалоу  38 хҭыс шьақәыргылахеит.  Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит  Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанба.

«Ҳазҭоу ашықәс алагара инаркны скарлатина рыхьит 19 - ҩык ахәыҷқәа, иара убас арратә хәҭақәа рҿы ачымазара злаҽыз налаҵаны – ачымазара злаҽыз рзеиԥш хыԥхьаӡара 38-ҩык рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа илҳәеит  Инга Ҷанба.  

Уи лажәақәа рыла, Гәдоуҭа араион ахәыҷбаҳчақәа рҿы ҩ-гәыԥк рҿы акарантин рылаҳәоуп.  Школк аҿы класск аркуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа.  Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аԥшаҳәа иахьаҵанакуа – Гагрыԥшь аӡиас инаркны Жоеквара аӡиас аҟынӡа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иаҿуп.

«Уажәы 5 квадраттә метра иахьаҵанакуа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит. Иара убас ацәхыԥқәа рыԥсахуеит. Аԥшаҳәа аиқәыршәазаара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Аиқәыршәазааратәи аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәа аҭыԥантәи абиуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуеит, урҭ рхарџьынҵа – 36 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба.

Аусурақәа ахыркәшарахь инеихьеит, урҭ Адамыр Цишба иажәақәа рыла, атуристтә аамҭахәҭа аламҭалазы инагӡахоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациақәа Левани Афганисҭани рахь аусуратә ҭаарақәа нарыгӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Аусуратә ҭаарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп: 

– Аԥсни Ливани, Аԥсни Афганисҭани рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа рыбжьаҵара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара;  

Ахәаахәҭратә ҩнқәа раартра;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атурнисттә ретродәыӷба «Шәача-Гагра» аныҟәара иалагоит мшаԥымза 29 инаркны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Аихамҩақәа апресс-маҵзура.   Атуристтә дәыӷба аҩаша аламҵакәа есыҽны иныҟәалоит.

Шәачантәи адәыӷба дәықәлалоит асааҭ 06:31 рзы, Гагранӡа инаӡалоит асааҭ 09:45 рзы. Гагрантәи шьҭахьҟа идәықәлоит асааҭ 19:25 рзы. 

«Сынтәа адәыӷба «Шәача» ирҿыцу, еиҳа ирманшәалоу амшеизша ала аус аулоит, уи иабзоураны апассаџьырцәа ареспублика аҭыԥ ԥшӡарақәа рбаразы еиҳа аамҭа роуеит. Уажәшьҭарнахыс адәыӷба Гагра аихамҩатә баӷәаза ахь ҩ-сааҭ рыла заа иаалоит, иара убас сааҭбжак рыла инаханы шьҭахьҟа амҩа иқәлоит.  Атуристцәа Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәааҿгьы еиҳа имаҷны аамҭа рыцәцалоит, урҭ еиҳа ирласны иоурыжьҭлоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Урыстәылатәи Аихамҩақәа иҟанаҵо адыррақәа рҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 20 марта 2023. Апсныпресс. Туристический ретропоезд «Сочи – Гагра» начнет курсировать с 29 апреля. Об этом сообщает  пресс-служба РЖД. 

Туристический поезд будет курсировать  ежедневно,  кроме вторников.

Из Сочи  поезд будет отправляться  в 06:31, прибывать в Гагру в 09:45. В обратный путь из Гагры поезд будет уходить в 19:25.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны «Алашара – Иқәыԥшу агәыӷрақәа» ҳәа хыс иаманы, аԥсуа милаҭтә реитинг аихшьаалақәа зцу есымзатәи ахәыҷтәы шахматтә турнирқәа хацыркхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан хәажәкырамза 18 – 19 рзы Аҟәа ақалақь, А. Карпов ихьӡ зху ашахматқәа рышкол аҿы, даарагьы аинтересс аҵаны имҩаԥысит. Атурнир рҽаладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи   230 - ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.

7-шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Павел Гаврилов (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Георги Кәыҵниа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Михаил Аиба (ақ. Гагра).

7- шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Адель Папба (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Софиа Шәлымба (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит –  Сара Лазарева (ақ. Аҟәа).

9- шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Кристиан Конџьариа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Давид Џьынџьал (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит –   Сандро Аҩардан ( ақ. Гәдоуҭа).

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Борис Багаҭелиа самбо азы азҟазацәа рыбжьара Москва Ахраҿа агара азы Иаарту атурнири аспорт аветеранцәа рыбжьара аиубилеитә турнир «Ретро-Ӡиудо» рҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Азҟазацәа рыбжьара Москва Ахраҿа агаразы Иаарту атурнир мҩаԥысуан Москва ақалақь аҿы, хәажәкырамза 18 рзы. Уи еизнагеит Урыстәыла арегионқәа 19 рҟынтәи  96-ҩык асамбистцәа. Урҭ еиуеиԥшым акапантәи ақәратәи акатегориақәа рҿы иқәгылон.

Борис Багаҭелиа 65 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҳабууи, 98 кьыла инацны акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира агара илшеит.

Аӡиудо азы V аиубилеитә турнир «Ретро-Ӡиудо» (10 шықәса раԥхьа иҟаз аӡиудо азы «ажәытә» ԥҟарақәа рыла) аиҳабацәеи аспорт аветеранцәеи рыбжьара атурнир мҩаԥысит хәажәкырамза 19, Москва ақалақь аҿы. Аицлабра еизнагеит 200-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Борис Багаҭелия +100 кьылак инацны акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.