Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин дидикылеит.
Аиԥылараҟны ирылацәажәеит ҩ-тәылак рыдәныҟаполитикатә усеицураҟны жәларбжьаратәи амшахәаԥштә иактуалтәу азҵаарақәа.
Аиԥылара далахәын Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Максим Литвинов.