АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРЕИ ҞАРАЧЫ-ЧЕРКЕССИАТӘИ АРЕСПУБЛИКЕИ РЖУРНАЛИСТЦӘА РЕИДГЫЛАҚӘА РНАПХГАҨЦӘА АИНФОРМАЦИА АИМДАРЕИ АПРОЕКТҚӘА РЕИЦЫНАГӠАРЕИ ИРЫДҲӘАЛОУ АЗҴААРАҚӘА ЖӘПАКЫ ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Аҟәа ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа ажурналистцәа Реидгыла Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспублика арегионалтә ҟәша ахантәаҩы Увжук Тхагапсов иԥылара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла апресс-маҵзура.

Аиԥылара аҿы ирылацәажәеит апроектқәа реицынагӡареи аусмҩаԥгатәқәа реицымҩаԥгареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.  Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аиашьаратә республикақәа ржурналистцәа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаарақәа ҩба рыбжьара аусеицура абжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәара азҵаара. 

Руслан Ҳашыги Увжук Тхагапсови ҳаамҭазтәи ауаажәларратә еилазаара аԥсҭазаара аҿы амасс-медиа инанагӡо ароль азы ргәаанагарақәа еибырҳәеит, иара убас ажурналисттә материалқәа ремадара аганахьала Ҟарачы-Черкессиатәи Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рмассатә информациа ахархәагақәа ацхыраара рыҭара иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит.

Руслан Хашыг, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла аиашьаратә республика ажурналистцәа 1992-93 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра  аҿы Аиааира агара Амш  30- шықәса ахыҵра инамаданы 2023 шықәсазы имҩаԥгахо, «Цқьа идырым аибашьра  аҭоурыхқәа» ҳәа хыс измоу арҿиаратә конкурс алахәхара шрыдигало азгәеиҭеит. 

Уи игәаанагарала, арыцҳареи ашәарҭареи иҭагылаз, еибашьуаз аиашьаратә жәлар хатәгәаԥхарала рыцхырааразы иааз рфырхаҵара  1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30- шықәса ахыҵра азгәаҭара аламҭалазы ажурналистцәа рматериалқәа рзы ихадоу атемақәа иреуахар ауп.

Аиԥылара далахәын Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усбарҭа «Аԥснымедиа» адиректор Хада Роберт Џьопуа.      


Read 175 times - Ашәахьа, 20 Хәажәкыр 2023 19:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.