АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Хәажәкыр.2023

БОРИС БАГАҬЕЛИА САМБО АЗЫ АЗҞАЗАЦӘА РЫБЖЬАРА МОСКВА АХРАҾА АГАРАЗЫ ИААРТУ АТУРНИРИ АИУБИЛЕИТӘ ТУРНИР «РЕТРО-ӠИУДО» РҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Борис Багаҭелиа самбо азы азҟазацәа рыбжьара Москва Ахраҿа агара азы Иаарту атурнири аспорт аветеранцәа рыбжьара аиубилеитә турнир «Ретро-Ӡиудо» рҿы аиааира игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Азҟазацәа рыбжьара Москва Ахраҿа агаразы Иаарту атурнир мҩаԥысуан Москва ақалақь аҿы, хәажәкырамза 18 рзы. Уи еизнагеит Урыстәыла арегионқәа 19 рҟынтәи  96-ҩык асамбистцәа. Урҭ еиуеиԥшым акапантәи ақәратәи акатегориақәа рҿы иқәгылон.

Борис Багаҭелиа 65 шықәса зхыҵуеи урҭ иреиҳабууи, 98 кьыла инацны акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира агара илшеит.

Аӡиудо азы V аиубилеитә турнир «Ретро-Ӡиудо» (10 шықәса раԥхьа иҟаз аӡиудо азы «ажәытә» ԥҟарақәа рыла) аиҳабацәеи аспорт аветеранцәеи рыбжьара атурнир мҩаԥысит хәажәкырамза 19, Москва ақалақь аҿы. Аицлабра еизнагеит 200-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Борис Багаҭелия +100 кьылак инацны акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара аиааира игеит.

Борис Багаҭелия – еицырдыруа аԥсуа спортсмен, аветеранцәа рыбжьара ҩынтә адунеи ачемпион, адунеи ачемпионатқәа рҿы араӡни  аџьаз медалқәа згахьоу, азҟазацәа рыбжьа хынтә Урыстәыла иачемпионхьоу,  Урыстәыла Ахраҿа згахьоу, самбо азы жәларбжьаратәи акласс  иаҵанакуа аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша»  III аҩаӡара аорден акавалер иоуп.


Read 216 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.