АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Хәажәкыр.2023

АԤСНЫ ИМҨАԤЫРГО ИАЛАГЕИТ ИААРТУ АХӘЫҶТӘЫ АРЕИТИНГТӘ ШАХМАТТӘ ТУРНИР «АЛАШАРА – ИҚӘЫԤШУ АГӘЫӶРАҚӘА».

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны «Алашара – Иқәыԥшу агәыӷрақәа» ҳәа хыс иаманы, аԥсуа милаҭтә реитинг аихшьаалақәа зцу есымзатәи ахәыҷтәы шахматтә турнирқәа хацыркхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ашахматқәа Рфедерациа.

Аицлабрақәа мҩаԥысуан хәажәкырамза 18 – 19 рзы Аҟәа ақалақь, А. Карпов ихьӡ зху ашахматқәа рышкол аҿы, даарагьы аинтересс аҵаны имҩаԥысит. Атурнир рҽаладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи   230 - ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.

7-шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Павел Гаврилов (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Георги Кәыҵниа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ - Михаил Аиба (ақ. Гагра).

7- шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Адель Папба (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Софиа Шәлымба (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит –  Сара Лазарева (ақ. Аҟәа).

9- шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Кристиан Конџьариа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Давид Џьынџьал (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит –   Сандро Аҩардан ( ақ. Гәдоуҭа).

9-шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Анна Ԥалаванӡиа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Адриана Ладариа  (ақ. Гагра), ахԥатәи аҭыԥ - Лаура Аргәын (ақ. Аҟәа).

11-шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара  аиааира игеит Армен Топчиан (Гәылрыԥшь аҳабла), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Емир Абанос (ақ. Пицунда), ахԥатәи аҭыԥ - Асҭан Ҭаниа (ақ. Гәдоуҭа).

11-шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара аиааира лгеит Полина Марченко (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Анна Ԥалаванӡиа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ – Дариа Шалина (ақ. Аҟәа).

13-шықәса зхымҵыц аҷкәынцәа рыбжьара аиааира игеит Петрос Казанџьиан (ақ. Гагра), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Георги Георгиан (ақ. Гагра), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Дамир Абанос (ақ. Гагра).

13-шықәса зхымҵыц аӡӷабцәа рыбжьара аиааира лгеит Николь Карапетиан (ақ. Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит - Алеқсандра Дбар ( ақ.Гагра), ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит - Мира Кәпалба (ақ.Пицунда).  

Аиааирагаҩцәеи аԥхьахәгаҩцәеи иранашьахеит ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа. Аԥснытәи ареитингтә турнир анаҩстәи аетап мҩаԥгахоит мшаԥымза 21 – 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.  


Read 188 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.