АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Хәажәкыр.2023

ГАГРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ АԤШАҲӘА ИАХЬАҴАНАКУА АШЬАҞАМҨАТӘ ХАҲӘЦӘЫ АԤСАХРА ИАЛАГЕИТ.

Аҟәа.  Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аԥшаҳәа иахьаҵанакуа – Гагрыԥшь аӡиас инаркны Жоеквара аӡиас аҟынӡа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иаҿуп.

«Уажәы 5 квадраттә метра иахьаҵанакуа ашьаҟамҩатә хаҳәцәы аԥсахра иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеит. Иара убас ацәхыԥқәа рыԥсахуеит. Аԥшаҳәа аиқәыршәазаара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит. Аиқәыршәазааратәи аиҭашьақәыргыларатәи аусурақәа аҭыԥантәи абиуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуеит, урҭ рхарџьынҵа – 36 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба.

Аусурақәа ахыркәшарахь инеихьеит, урҭ Адамыр Цишба иажәақәа рыла, атуристтә аамҭахәҭа аламҭалазы инагӡахоит.

Абазгаа рымҩа аиқәыршәазаара иадҳәалоу аусурақәагьы ахыркәшарахь инеихьеит. Уаҟа ахаҳәцәы рыԥсахит, амҩаду инаваршәны игылоу арлашагатә шьаҟақәа рыԥсахит.

«С.У. Багаԥшь ихьӡ зху асквер ахьаартхо аҵакыра аҿы ишьҭаҵоу 350 метра рҟынӡа инаӡо аӡымҩангага аԥсахра иадҳәаланы аусрақәа мҩаԥысуеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Адамыр Цишба. 


Read 193 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.