АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Хәажәкыр.2023

ГӘДОУҬА АРАИОН АҾЫ АХӘЫҶҚӘА СКАРЛАТИНА ҲӘА ИЗЫШЬҬОУ АҾКЫ ЧЫМАЗАРА РЫХЬРА ИАДҲӘАЛОУ АХҬЫСҚӘА ШЬАҚӘЫРГЫЛАХЕИТ.

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс  /Лана Ҵәыџьба/.  Гәдоуҭа араион аҿы 2023 шықәса алагара инаркны скарлатина ҳәа изышьҭоу аҿкы чымазара рылаҽра иадҳәалоу  38 хҭыс шьақәыргылахеит.  Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит  Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанба.

«Ҳазҭоу ашықәс алагара инаркны скарлатина рыхьит 19 - ҩык ахәыҷқәа, иара убас арратә хәҭақәа рҿы ачымазара злаҽыз налаҵаны – ачымазара злаҽыз рзеиԥш хыԥхьаӡара 38-ҩык рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа илҳәеит  Инга Ҷанба.  

Уи лажәақәа рыла, Гәдоуҭа араион ахәыҷбаҳчақәа рҿы ҩ-гәыԥк рҿы акарантин рылаҳәоуп.  Школк аҿы класск аркуп.

Инга Ҷанба ишазгәалҭаз ала, есышықәса араион аҿы еиуеиԥшым аҿкы чымазарақәа злаҽуа рхыԥхьаӡара аизҳара шыҟоу убаратәы иҟоуп. Аха аҵыхәтәантәи 5-6 шықәса ирылагӡаны Гәдоуҭа араион аҿы скарлатина ҳәа изышьҭоу аҿкы чымазара ацәырҵра иадҳәалоу ахҭысқәа шьақәыргылаӡамызт.

«Ари аинфекциа аҵысра ҟалеит ҳәа уҳәаратәы иҟам, мацара ана-ара ачымазара алаҽра аҭыԥ амоуп, умҳәозар.  Аиҳарак ари ачымазара зыхьуа 1 шықәсык зхыҵуа инадыркны 7-8 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа роуп», - ҳәа еиҭалҳәеит Инга Ҷанба.  


Read 220 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.