АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Хәажәкыр.2023

МШАԤЫМЗА 29 ИНАРКНЫ АНЫҞӘАРА ИАЛАГОИТ АРЕТРОДӘЫӶБА «ШӘАЧА-ГАГРА».

Аҟәа. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атурнисттә ретродәыӷба «Шәача-Гагра» аныҟәара иалагоит мшаԥымза 29 инаркны. Абри азы адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Аихамҩақәа апресс-маҵзура.   Атуристтә дәыӷба аҩаша аламҵакәа есыҽны иныҟәалоит.

Шәачантәи адәыӷба дәықәлалоит асааҭ 06:31 рзы, Гагранӡа инаӡалоит асааҭ 09:45 рзы. Гагрантәи шьҭахьҟа идәықәлоит асааҭ 19:25 рзы. 

«Сынтәа адәыӷба «Шәача» ирҿыцу, еиҳа ирманшәалоу амшеизша ала аус аулоит, уи иабзоураны апассаџьырцәа ареспублика аҭыԥ ԥшӡарақәа рбаразы еиҳа аамҭа роуеит. Уажәшьҭарнахыс адәыӷба Гагра аихамҩатә баӷәаза ахь ҩ-сааҭ рыла заа иаалоит, иара убас сааҭбжак рыла инаханы шьҭахьҟа амҩа иқәлоит.  Атуристцәа Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәааҿгьы еиҳа имаҷны аамҭа рыцәцалоит, урҭ еиҳа ирласны иоурыжьҭлоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Урыстәылатәи Аихамҩақәа иҟанаҵо адыррақәа рҿы.

Атуристтә дәыӷба «Шәача–Гагра» ХХ ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рыстилистика иақәшәо иҟаҵоуп. Ари адәыӷба аҩашала наламҵакәа есымша иарбоу амаршрут ала иныҟәалоит. 

 

 

 

 

 


Read 194 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.