АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Хәажәкыр.2023

АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ УРЫСТӘЫЛА АЗАКӘАНԤҴАРА АИԤШХАРА АЗҴААРАҚӘА РЫЛА АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Аҟәа.  Хәажәкырамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азакәанԥҵара аиԥшхара ашьаҭала азеиԥш социалтәии аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара Апрграмма ала иазԥхьагәаҭоу азҵаарақәа рсоциалтә блок азы аҭакԥхықәра зду ахылаԥшырҭақәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, аҵарадырра аминистр Инал Габлиа Алеқсандр Анқәаб асоциалтә еиқәаршәара, агәабзиарахьчара, аҵарадырра аусхкқәа рҿы азакәан апроектқәеи азакәанцҵатә шәҟәынҵақәеи аус рыдулара астадиақәа рзы адырра ирҭеит.

Апрограмма Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп.

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Ахылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа азакәан апроектқәа реиқәыршәара иахәҭоу ахылаԥшра арҭарц азы адҵа риҭеит.  


Read 188 times - Ашәахьа, 20 Хәажәкыр 2023 21:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.