АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Хәажәкыр.2023

АҞӘА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РУСБАРҬА ААМҬАЛАТӘИ АУСЕИЛЫРГААНӠАТӘИ АԤХЬАКЫРҬА АԤЫԤШЫҨ АИК АРЗУМАНИАН ИГАНАХЬАЛА АШЬАУСТӘ УСЕИЛЫРГАРА ХАЦЫРКУП.

Аҟәа. Хәажәкырамза  20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс   Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аԥыԥшыҩ, амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа иганахьала Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «г»   иазԥхьагәанаҭо – амаҵуратә ҭагылазаашьа ахархәарала анаркотикатә маҭәашьарқәа рацәаны анаҩс аҭира хықәкыс иҟаҵаны аахәареи аҵәахреи ирыдҳәалоу ацәгьоура аҟазшьақәа рыла ашьаустә усеилыргара хацыркхеит.       

Апрокуратура Хада асаит иҟанаҵо адыррақәа рыла, хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы, Леон Имҩаду 29 ала иҟоу аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анхамҩатә дәы иахьаҵанакуа, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахатәы шәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәа ироуз аоперативтә информациа рхы иархәаны имҩаԥыргаз аусмҩаԥгатә иалагӡаны дааныркылеит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аамҭалатәи аусеилыргараанӡатәи аԥхьакырҭа аԥыԥшыҩ, амилициа алеитенант еиҵбы Арзуманиан Аик Амбарцум-иԥа. Хаҭала игәаҭараан Аик Арзуманиан идырбалеит аполиетилен еиқәаҵәа илаҳәаз аххыраԥшра змоу амаҭәашьар шкәакәа злаҳәаз аилаҳәара, иара убас ҩ-граммк ицо ашприцқәа. Уи зегьы Аик Арзуманиан изакәанымкәа аусеилыргарала макьаназы ишьақәыргылам аҭагылазаашьақәа раан иааихәаз, анаҩс имаҵуратә ҭагылазаашьа ихы иархәаны аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аҿы зыҭира гәҭакыс ииаз маҭәарқәоуп.  

 

Хәажәкырамза 18, 2023 шықәса рзы Аик Арзуманиан заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭа ала даанкыланы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахь днаган.  

Хәажәкырамза 21, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә Ӡбарҭа ахь игәҩароу иганахьала аҭакрала ахьырхәра алхра азы азыҳәамҭа нашьҭхоит.  


Read 193 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.