Items filtered by date: Ахаша, 06 Ԥхынҷкәын 2023

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аҟәатәи аӡыршьҭра» иҟанаҵо адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 7 рзы Лакобеи Воронови реихысырҭаҿы, Коӷониеи Воронови, Сахарови Ардзинбеи, Гулиеи Аинрал Аршба имҩеи реихысырҭақәа рҿы, иара убас аӡхагаларатә станциа  №4 аҿы (Гәымсҭа ақыҭа) имҩаԥгахо аремонттә усурақәа ирхырҟьаны, Аҟәа араионқәак рҿы 00:00 сааҭ инаркны 18:00 рҟынӡа   аӡылаеиқәыршәара аанкылахоит ҳәа адырра ҟанаҵоит. Убас аӡылаеиқәыршәара еиԥҟьахоит абарҭ араионқәа рҿы:

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса 11 мзы рыла Аԥсны абиуџьет ахь иалагалан 3,3 млрд мааҭ инареиҳаны аҳазалхратә шәарақәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы.

11 мзы рзы иҟоу арбагақәа планла иарбаз аасҭа 742 млн мааҭ рыла еиҳахеит. Уи шазҭоу ашықәс азы планла иарбаз аасҭа 129% рыла еиҳауп.

Ҵыԥхтәи ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, сынтәа иалагалан 671 млн мааҭ рыла еиҳаны, усҟан 11 мзы рыла иалагалан 2,6 млрд. 672 млн. мааҭ.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза  7 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара амшхәаԥштә иалагалоуп  18 зҵаара.  

Адепутатцәа актәи аԥхьараҿы иахәаԥшраны иҟоуп абарҭ азакәан апроектқәа:

«2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы»;

«Аԥсны арепатриациа Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«Ареспублика Аԥсны асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«Ареспублика Аԥсны Амҩатә Фонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рзы Аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,     

«Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«Ареспублика Аԥсны ихымԥадатәиу амедицианатә бгаԥса азы Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы».

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза  7 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара амшхәаԥштә иалагалоуп  18 зҵаара.  

Адепутатцәа актәи аԥхьараҿы иахәаԥшраны иҟоуп абарҭ азакәан апроектқәа:

«2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет азы»;

«Аԥсны арепатриациа Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«Ареспублика Аԥсны асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«Ареспублика Аԥсны Амҩатә Фонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рзы Аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,    

«Ареспублика Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы»,

«Ареспублика Аԥсны ихымԥадатәиу амедицианатә бгаԥса азы Афонд 2024-тәи ашықәс азы абиуџьет азы».

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәнмза 2 -3 рзы Очамчыра ақалақь аҿы анаплампыл азы ари аспорт абзиабаҩцәа рыбжьара  «Очамчыра араион ахада Ихраҿа-2023» агаразы атурнир мҩаԥысуан.

Атурнир рхы аладырхәит араион зегьы аҟынтәи 12 командак, урҭ ҩ-гәыԥкны еихшан.  

Атурнир аҿы аиааира агеит Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ акоманда.

Очамчыра араион Ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Ҭемыр Ԥачлиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, акомандақәа «РОНО», «ДЮСШ» рыбжьара афиналтә матч алагаанӡа, «РОНО» ихадоу ахәмарыҩцәа руаӡәы Гәыԥ ақыҭан иҟалаз абылра иахҟьаны  иара изааигәаз ауаҩы дышҭахаз азы  адырра ирҭеит. Уи ахәмарра ихы изаламырхәӡеит.

«Агәыҳалалра аҳасабала, атурнир аҿы аиааира згази акоманда-аԥхьахәгаҩи аԥхьахәтә фонд зегьы- 60 нызықь мааҭ абылра иахҟьаны иҭахаз иҭаацәа рыҭаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», –  ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭемыр Ԥачлиа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 11 – 18 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакреи Аволонтиортә ценрқәа Рассоциациеи жәларбжьаратәи агуманитартә проект «Ақьиара Амиссиа» нанагӡалоит. Аԥсны ари апроект абар шьҭа ҩынтәны имҩаԥыслоит, уи Аҟәа, Очамчыра, Гәдоуҭа амҽханакуеит.  

«Апроект «Ақьиара Амиссиа» жәларбжьаратәи аволонтиорреи аҳәааныртәи атәылақәа агуманитартә хырхарҭала аус рыцуреи иацхраауеит. Амиссиа аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла атәылауаа жәларбжьаратәи аволониорра амҩаԥгараҿы ацхыраареи аԥышәеи раиура азы асоциалтә ҵакы змоу аволонтиортә проектқәа рхы аладырхәуеит, Икомерциатәым Аиҿкаарақәеи Инапхгаратәым Аиҿкаарақәеи  (НКО; НПО) рфондқәа адгылара арҭоит», – ҳәа иазгәаҭоуп апроект апресс-релиз аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәнмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Афырхаҵа, Аинформациатә Маҵзура ТАСС  афотокореспондент Андреи Соловиов игәалашәара иазкны Аԥсны ажурналистцәа реилазаара рыбжьара имҩаԥгаз II аконкурс «Взгляд – 2023» аҿы аиааира згаз Москва ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу амедиапремиа  «Честный взгляд» афинал рхы аладырхәраны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Аԥсны иҟоу Аурыс Ҩны».

Адунеи зегьы аҟынтәи 30 иреиӷьу аусумҭақәа равторцәа, Аԥсны ажурналистцәа реилазаара рыбжьара имҩаԥгаз II аконкурс «Взгляд – 2023» афиналистцәа уахь иналаҵаны, жәларбжьаратәи апремиа «Честный взгляд» («The Honest View Media Award») алахәылацәа рсиа (шорт-лист) иалалеит.

Жәларбжьаратәи апремиа анашьара ацеремона. Мҩаԥысуеит ԥхынҷкәынмза 11 рзы асасааирҭа  «Золотое кольцо» аҿы.

Сынтәа аконкурс «Честный взгляд» ахь 250 инареиҳаны аҳәаанырцәтәи ажурналистцәеи аблогерцәеи русумҭақәа нашьҭын. Русумҭақәа нарышьҭит иара убас африкантә континент иаҵанакуа аҳәынҭқаррақәа жәаба рҟынтәи ажурналистцәагьы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи аинтеллектуалтә конкурс «Амҩақәа зегьы МАДИ ахь ихоуп!» алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара мҩаԥысуеит, ҳәа адыра ҟанаҵоит Аԥсны аҵарадырра Аминистрра.

Аконкурс алахәхаразы ааԥхьара рыҭахоит ашколқәа, агмназиақәа, алицеиқәа аушьҭратә классқәа рҵаҩцәа, аколлеџьқәеи атехникумқәеи рыстудентцәа, иара убас аҳәаанырцәтәи ауниверситетқәа роушьҭымҭацәа.

Аиааира згаз Москватәи Автомамашьына-мҩатә аҳәынҭқарратә техникатә Институт (МАДИ) абакалавриат, аспециалитет, амагистратура апрограммақәа рыла хәыда-ԥсада аҵаразы алшара роуеит, иара убас ирыҭахоит азеиԥшеиланхарҭа аҿы аҭыԥ, астипедиагьы рызшәахоит.

Аконкурс мҩаԥгахоит адистанциатә формат ала. Уи азы асаит www.grant.madi.ru аҿы ашәҟәҭагалара иахыстәуп.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа анагӡаҩцәа Рмаҵзура Аҟәа ақалақь, Аҟәа араиони Гәылрыԥшь араиони ртерриториалтә  ҟәшақәа рҿы анагӡаразы ишьҭан ауал зқәу – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Ак... И...» аганахьала ашәахтә шәатәқәа аршәара азы анагӡаратә ус.   

Имҩаԥгаз ауснагӡатәқәа рыла ауал зқәыз имхын  11 млн. 292 нызықь 800 мааҭ. Уи Ареспублика абиуџьет ахь идәықәҵахеит. Иарбоу аӡбареиҿкаара фактла анагӡарала ихыркәшоуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аӡбарҭақәа рыӡбамҭақәа анагӡаҩцәа Рмаҵзура Феисбук аҿы адаҟьа аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса жәеизамзы рыҩныҵҟа Аԥсны абиуџьет иалагалахеит планла иарбаз 3,7 млрд мааҭ рҭыԥан 4 миллиарди 737,9 млн. мааҭ ашәахтәқәа, ҳәа иаанацҳауеит Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.