АМЕДИА

Items filtered by date: Ахаша, 05 Жәабран 2025

Сухум. 5 февраля 2025. Апсныпресс. В Абхазию прибыла делегация Минздрава России для ознакомления с организацией кардиологической помощи Республики.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аделегациа Аԥсны акоордиологиатә цхыраара шеиҿкаатәу аҭҵааразы Аԥсныҟа иааит.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Е.И. Чазов ихьӡ зху амилаҭтә медицинатә акардиологиатә Центр адиректор хада, Ацентралтә, Уральсктәи, Сибратәи, Харатәи Амрагыларатәи афедералтә округқәа, Донецктәии Лугансктәии Жәлартә Республикақәа рҿы Урыстәыла агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи акоордиолог хада  Сергеи Боицов, Е.И. Чазов ихьӡ зху амилаҭтә медицинатә акардиологиатә Центр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Анна Шангина, адиагностикеи ахәышәтәреи рзы арентгенхирургиатә методқәа рыла  аҳақьым, Ацентр анаука-еиҿкааратә ҟәша анаукатә усзуҩ Всеволод Миронов.

Раԥхьа аделегациа иаҭааит Ареспубликатә хәышәтәырҭа. Асасцәа ирԥылеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәбеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәеи. Асасцәа Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿы адкыларҭақәа, акардиологиеи атерапиеи рыҟәшақәа, адатә хирургиа аҟәша, ареанимациеи анестезиологиеи рыҟәшақәа гәарҭеит.

Сергеи Боицов ахәышәҭырҭаҿы ишьҭоу апациентцәа дрыҿцәажәеит, дрыхәаԥшит. Уи аамышьҭахь ачымазцәа рҟынтәи еиҳа зҭагылазаашьа уашәшәыроу гәыԥҩык Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә центрқәа рахь рдәықәҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит. Аекспертцәа иара убасгьы арегионалтә адатә центр аиҿкаареи ангиограф ашьақәыргылареи рзы аҭыԥ гәарҭеит.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр акардиологиатә цхыраара амаҵзура аусура арӷәӷәара азы  ангиограф акыр ихымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Едуард Быҭәба урыстәылатәи иколлегацәа иахьааз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит: «Иахьа ҳара Сергеи Анатоли-иԥеи (Боицов – аред. АП азгәаҭа) Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ҳколлегацәеи Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҳарбеит. Ҳара еиуеиԥшым аҟәшақәа гәаҳҭеит, избан акәзар ахәышәтәырҭаҿы ангиограф ашьақәыргылара ҳгәы иҭоуп.  Сара изныкымкәа иазгәасҭахьеит ас еиԥш амаруга ҳусура аҿы ишхымԥадатәиу атәы. Уи агәы-ада ачымазарақәа, адабла чымазара аан  акоронарографиа, астентмҩаԥгара, атромбоекстракциа, уҳәа амҩаԥгара алнаршоит. Ҳасасцәа аамҭа ԥшааны иахьаҳҭааз ҳтәыла агәабзиарахьчара ацхыраара аҭара иахьазхиоу азы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп».

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиеи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчара азы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи   Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь  аҿы аинвалидцәеи згәабзиара алшара ԥку ауааи рыбжьара азанааҭтә ҟазара азы Амилаҭтә чемпионат «Абилимпикс – 2024» аҿы аиааира згаз аԥснытәи акоманда ахаҭарнакцәа аҳамҭақәа – азеиԥшкомандатә храҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьара азы ирԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵара Аминистрра апресс-маҵзура.

Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, аҳамҭақәа Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ала «Абилимпикс» аиҿкааҩцәа  ирыҭан, избан акәзар, аԥснытәи акоманда аконкурс нҵәаанӡа ихынҳәыр акәхеит, аҳамҭақәа раиура иахьымӡаӡеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раламҭалазы Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә комиссиа Хада аҿы Урыстәыла алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Елла Памфиловеи Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылараҿы Алхас Кәыҵниеи Елла Памфиловеи Урыстәыла иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы ареспублика Ахада иалхрақәа раан абжьыҭара аиҿкаара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Урыстәыла инхо Аԥсны атәылауаа рзы алхратә ҭыԥқәа ҩба аартхоит – Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан ажурналистцәа дрыҿцәажәо алхрақәа реихшьаалақәа шыҟаҵахо азы адырра ҟаиҵеит.

«Ҳара ҳахь, Алхратә комиссиа Хада ахь хыԥхьаӡара рацәала ауаа аиҭабжьыҭира ҟалар алхрақәа реихшьаалақәа шԥаҟаҵахо ҳәа азҵаара рыманы иадҵаалоит. Сара изныкымкәа адырра ҟасҵахьеит ҳара уажәтәи алхрақәа 2020 шықәсазы имҩаԥгаз алхрақәа аԥҟарақәа рыла имҩаԥаагоит ҳәа.  Сара уи ахшыҩзышьҭра засҭои ҳәа шәсазҵаауазар, аҵыхәтәантәи алхрақәа рышьҭахь алхратә закәанԥҵара аҽамԥсахӡеит ҳәа аҭак ҟасҵоит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза  5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵареи абжьыҭара актәии аҩбатәии атурқәа реихшьаалақәа рыҟаҵареи иазкыз абрифинг мҩаԥысит Аԥсны Алхратә комиссиа Хада аҿы.

Аԥсны Алхратә комиссиа Хада  ахантәаҩы Дмитри Маршьан ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит имҩаԥгаз аусура атәы.

«Абжьыҭара аҟынӡа 10-мыш шыбжьоу Ареспублика Аԥснгы иахьаҵанакуа иаатраны иҟоу алхратә ҭыԥқәа зегьы иахьа инаркны аусура иалагоит. Алхыҩцәа рсиақәа акыдҵара иалагеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны иахьаҵанакуа зынӡа 152 алхратә ҭыԥ ҟалоит.

Жәабранмза 5 рзы иҟоу адыррақәа рыла, ихадоу асиа иалагалоуп 135 – нызықьҩык алхыҩцәа.

«Урҭ Аԥсны иахьаҵанакуа иҭаҩу ауаа роуп», – ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Маршьан.

Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы иажәақәа рыла, алхыҩцәа иахьарнахыс алхратә ҭыԥқәа рҿы инеины асиақәа рбар рылшоит. 

«Асиақәа рҿы шәшаным гәашәҭар, шәара уи азы акомиссиа алахәылацәа адырра рышәҭар ауеит, дара  анаҩс ихадоу асиа шәаларгалоит. Ҳара иаҳҭахуп иназыцҵоу асиақәа излауа ала имаҷны иҟаларц», - ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.

Аԥсны анҭыҵ иаԥҵахоит алхратә ҭыԥқәа хԥа: ҩба Урыстәыла (Москвеи Черқьесски ақалақьқәа рҿы), акы  Ҭырқәтәыла ақалақь Сақариа (Адаԥазары)  аҿы.

«Ҳара иарбоу алхратә ҭыԥқәа рыҿгьы акомиссиақәа реилазаарақәагьы шьақәҳарӷәӷәахьеит.  Уаҟагьы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Иарбоу алхратә ҭыԥқәа рҿы зыбжьы азҭаз иназыцҵоу рсиа ҳара иҳауеит абжьыҭара аҽны.  Аиҳарак Аԥсны анҭыҵ инхо Аԥсны атәылауаа араҟа ашәҟәы иҭаҩӡам, убри аҟнытә урҭ ихадоу асиа иҭагалаӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы.

Иахьа инаркны Алхратә комиссиа Хада аԥснытәи аҭаҩра змам ареспублика атәылауаа абжьыҭаразы азин аршаҳаҭгақәа рыҭара иалагоит.

Дмитри Маршьан Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы азакәан инақәыршәаны аҽамхратә (аҽҭыҩраатә) бӷьыц аҭара азԥхьагәаҭаӡам ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. Урҭ акыр ҵуеит иаԥыхижьҭеи.

 «Даҽа зныкгьы еиҭасҳәоит:  абжьыҭаразы аршаҳаҭгақәа Алхратә комиссиа Хада аҿы аиура зылшо Аԥсны иҭаҩым ареспублика атәылауаа мацара роуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра аҿы иҟоу аҵаратә база ашьаҭала аҩаӡара еиҵбы иаҵанакуа акомандаҟаҵаҩцәа разыҟаҵара акурсқәа еиҿкаахеит. Урҭ алшықәсанык имҩаԥгахо Аԥсны Арбџьармчқәа акадрқәа арра-занааҭтә зыҟаҵара асистема иалагалоуп. Аҵаратә гәыԥ аилазаара алкаахоит архәҭақәа рҭаххрақәа ирарықәыршәаны.

Аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп – атәылахьчара Аминистрра аҟәшеиҵақәеи архәҭақәеи асержанттә еилазаара иамоу иҷыдоу азеиԥшарратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раан аҟәшеиҵақәа рнапхгараҭара иадҳәалоу азеиԥшарратә дыррақәа раиура, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум. 5 февраля 2025 г. Апсныпресс. Курсы по подготовке младших командиров организованы в Министерстве обороны на базе его учебного центра. Они являются круглогодичными и входят в систему военно-профессиональной подготовки кадров Вооруженных сил Абхазии. Состав учебной группы определяется исходя из потребности войск.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба жәабранмза 2025 шықәсазы имҩаԥысуа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә маҵурахьы акандидатцәа рыбжьара алхрақәа рылҵшәақәа алхратә процесс алахәылацәа зегьы ишеицазхарҵо азы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩразы аԥшьгара ҟаиҵеит.

Аиқәшаҳаҭра атекст аҿы иазгәаҭоуп:

«Ҳара, Ареспублика Аԥсны Ахадарахь акандидатцәа  ари аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҩуа иарбоу аҭоурыхтә етап аҿы зегьы реиҳа ирыцку, ҳтәылауаа зегьы рзы акырӡа ихымԥадатәиу аҭышәынтәалара, аҭынчра ашьақәгылара, убри аан уи  алзыршо ҳара-ҳара ҳабжьара Аԥсны аҿиареи аизҳазыӷьареи рзы аҭынчреи аилибакаареи аҳра ауа аҟалара шаку еилаҳкаауеит.

Ҳара зегьы бзиа иаабоит ҳаԥсадгьыл, ҳауаажәлар, алхратә кампаниа алҵшәақәа ирыдҳәаламкәа иҳалшо зегьы аҟаҵара ҳазхиоуп аиҿагыларақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы. Ҳара ҳтәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы ҭынч мҩала имҩаԥысуа аполитикатә конкуренциа ауп иазхаҳҵо. Ҳара ҳадгылаҩцәа рахь аҭынчреи аилибакаареи раарԥшреи атәылауаҩратә еиҿагылара алмыршареи рзы ааԥхьара аҟаҵаразы аҭакԥхықәра ҳхахьы иаагоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы амимоза асезон алагеит. 2025 шықәсазы  раԥхьатәи «ашәҭқәа рпартиақәа»   рзы адекларациақәа аларгалеит ҳазҭалаз ашықәс, ажьырныҳәамза анҵәамҭазы 600 кьыла инарзынаԥшуа амимоза, мамзаргьы  араӡнытә қәыҵла (акациа) ҳәа изышьҭоу аҵиаа ахкы азы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.