Возвращение имени

Items filtered by date: Аԥшьаша, 08 Лаҵара 2025

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан инхо 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Аикарат Манукиан дидныҳәалеит.

Аветеран инапы иаркын Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира Дуӡӡа Амш 80-шықәса ахыҵра инамаданы аветеранцәа ирзоуижьыз аиубилеитә ԥаратә ҳамҭа.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку апатриоттә акциа «1418 шьаҿа Аиааира аҟынӡа» мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.

Акциа иалахәыз амшын аԥшаҳәа ала 1418 шьаҿа ҟарҵеит, убри аҟара мшы ицон аибашьратә хҭысқәа. Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҟынӡа ианынаӡа уи амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Елена Тимофеи-иԥҳа Вадзинскаиа Аиааира Амш 80-шықәса ахыҵра лыдиныҳәалеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа Москва днеит. Урыстәылатәи АФедерациа Ахада Владимир Путин иҟаиҵаз ааԥхьарала Гәынба Бадра иԥшәмаԥҳәыс Ҳашыг Ирма дицны Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхоит, урҭ рахьтә ихадараны иҟалоит Ашҭа Ҟаԥшь аҟны имҩаԥысуа апарад. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза  8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Мариа Косолапова Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш лыдиныҳәалеит. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала иара адныҳәаларатә цҳамҭа, иара убас Аиааира Амш инамаданы аиубилетә ԥаратә ҳамҭа ланеишьеит.

«Агәадуреи ақьиареи рыла, зегьы реиҳа агәалашәарала игәылҭәаау Амш. Шәара ианшәаамҭаз еиҵагылараны иҟаз абиԥарақәа рзы акырӡа шәалшәыршеит, шәхы шәамеигӡеит урҭ рҭынч ԥсҭазааразы», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс./ Асмаҭ Ҭаркьылԥҳа.  Ари аочерк аҿы сара маҷк иадамзаргьы сабду сихцәажәар сҭахуп, сынӡа дышқәыԥшӡаз еибашьра ицаз, Берлин аҟынӡа инаӡаз аибашьҩы гәымшәа Владимир Гәыџьыџь-иԥа Тураа. Исгәалашәоит, ҳаныхәыҷыз ҳара иара лассы-лассы ҳиҳәон аибашьра атәы, дшеибашьуаз атәы, уҳәа ҳзеиҭеиҳәерц. Аха иара уи есымша иҽахигон, зегьы алаф ахь ииаигон, «адумпеи сакәтәан сеибашьукан» ҳәа ҳаиҳәон. Усҟан иабаҳдыруаз ҳара иара изы шаҟа иуадаҩыз урҭ амш еиқәаҵәақәа ргәалашәареи рылацәажәареи, иаҳзеилкаауамызт аибашьра иазку афильмқәа дзырмыхәаԥшуаз, ашәарыцага шәақь шимазгьы, амԥан дзымнеиуаз. Ҳаныҩеидас, ҳәарада, еилаҳкааит зегьы. Иара агәалашәарақәа рылагьы ицәыуадаҩын уи аамҭа хлымӡаах ахь аиасра.

Сара сабду ақәра ду ниимҵаӡеит. Исгәалашәоит, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага, иара даҽа еибашьрак сахаанхоит ҳәа сыҟамызт ҳәа иҳәоз ажәақәа.  Сара сабду иԥсҭазаара даналҵуаз 75 шықәсагьы ихымҵӡацызт. Ҳара ҳгәалашәараҿы иара даанхеит згәы разыз, аха убри аан зажәа иахымԥоз, ианаҭахха азы злеишәагьы цәгьаз, аха ианакәызаалакгьы аиаша иадгылоз уаҩны. Иара дыздыруаз зегьы даара пату иқәырҵон, иажәа иазыӡырҩуан. Аха иара ахаангьы ахӡыргара иашьҭамыз уаҩын, аибашьраҿы иааирԥшыз афырхаҵареи уи азы иоуз аџьшьарақәеи рылацәажәара  ицәымӷын, иԥсы ҭанаҵы аветеран иаҳасабала ихәҭаз џьара зинҷыдак ихы иаимырхәаӡеит. Ихатә џьабаала дынхон-дынҵон.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, апрозаик, ауаажәларратә усзуҩы,  Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден  I аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы гәалсра дула  иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылоит.

«Ари цәыӡ дууп иааизакны ҳмилаҭ культуреиԥш, ҳаамҭазтәи амилаҭтә литература азгьы. Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа ԥсра зқәым иҩымҭақәа рыла амилаҭтә литература адунеитә ҩаӡара аҟынӡа ашьҭыхра зылшаз ашәҟәыҩҩцәа дреиуоуп. Абаҩхатәра ду, аҟазара ду иарҿиаз ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа Аԥсны анҭыҵгьы инарҭбааны ирылаҵәахьеит, урҭ иага аамҭа царгьы ҳажәлар ирҿахәҳәаганы инхоит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа аибашьра аветеран Елена Водзинскаиа Аиааира Амш 80-шықәса ахыҵра лыдиныҳәалеит.

Елена Водзинскаиа 97 шықәса лхыҵуеит. Аибашьра аналагоз лара илхыҵуан 17 шықәса. Лара ахәрақәа зауз аибашьцәа ахьнаргоз Цхалтубо иҟаз ахәышәтәырҭа аҿы аус луан.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Нонна Дорофеева длыдныҳәалеит.  

«Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала ишәыдаҳныҳәалоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч. Даараӡа ҳгәы дууп шәахьҳалагылоу. Анцәа имч ала ишәзааигәаоу ауааи ҳареи акыр аамҭа шәҳахымхааит!». – ҳәа иҳәеит Беслан Ешба. 

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира Амш инамаданы дидныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Лаша Ныгәзар-иԥа! Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Шәара аԥхьа шәнаргыланы шәколлегацәа зегьи сшәыдныҳәалоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра.  

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.