АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2025

Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа Москва днеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра иахьа Москва днеит. Урыстәылатәи АФедерациа Ахада Владимир Путин иҟаиҵаз ааԥхьарала Гәынба Бадра иԥшәмаԥҳәыс Ҳашыг Ирма дицны Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәхоит, урҭ рахьтә ихадараны иҟалоит Ашҭа Ҟаԥшь аҟны имҩаԥысуа апарад. 

Лаҵарамза 10 рзы иазԥхьагәаҭоуп Аԥсны Ахада Гәынба Бадреи Урыстәыла Ахада   Владимир Путини злахәу ҩ-ганктәи аиԥылара. Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа аԥсны-урыстәылатәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәоит. 

Ари ҳазҭоу ашықәс азы Гәынбеи Путини аҩбатәи хаҭалатәи реиԥылара ауп. 

 


Read 244 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.