Абиԥарақәа ргәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит Зыԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчаразы иҩагылаз хашҭра зқәым ҳаиашьаратә жәларқәа рфырхаҵара. Рыԥсадгьыл ахьчаразы хацәнымырха еибашьуан 55 нызықьҩык инареиҳаны милаҭрацәала еилоу Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи. Дара ирылшеит 1943 шықәсазы Гитлер ирхәҭақәа ареспублика ралцара. 20-ҩык инареиҳаны аԥсуа еибашьцәа Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак ранашьоуп.
Агәра ганы сыҟоуп ҳара ахаангьы ишаҳхамышҭуа асовет фицарцәеи асолдатцәеи рфырхаҵара, урҭ Аиааира Ду ахь иназго амҩаҿы ирхыргаз агәаҟреи амыҟәмабарақәеи рзы агәалашәара ҳацзаауеит есымша. Аџьынџьтәылтәи еибашьра Дуӡӡа иаҳзаанажьыз аԥышәа ҳтәылақәа реизҳазыӷьара ахьӡала аҩганктәи аизыҟазаашьақәа ессааира рырӷәӷәара ҭакԥхықәраны иҳаднаҵоит.
Ҳаҭыр зқәу Лаша Ныгәзар-иԥа. Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи ҳаиашьаратә Аԥсны жәлар реизҳазыӷьара иазку шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиарақәеи аманшәалареи».