Владимир Делба Михаил Мишустин иахь иҟаиҵаз адныҳәалараҿы, ахәҭкахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа!
Ишәыдыснышәалоит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра.
Лаҵарамза 9, 1945 шықәса ԥыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәеи апрогрессивтә уааԥсыреи зегьы рзы иҵаулоу асимволтә ҵакы змоу рыцхәны иаанхоит. Ҳиҳабацәа акыр амыҟәмабарақәа рыхганы афашисттә идеиақәа рылаҵәара иаҿагылеит. Ар Ҟаԥш аруаа рфырхаҵара урҭ рхылҵышьҭрақәа ргәалашәараҿы наунагӡа иаанхоит.
Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иԥа, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Урыстәыла Анапхгара Аԥсны инхо Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рганахьала иаанарԥшуа агәцаракра азы. Иахьа ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ҳветеранцәа, урҭ рфырхаҵарақәа ҳгәалаҳаршәоит, уи ес еиҵагыло абиԥарақәа ирызнаҳгалоит, хьӡи-ԥшеи зцу ҳҭоурых адаҟьақәа хашҭра рықәымкәа иаанхарц азы.
Иҳаҩсхьоу агәалашәара ҭакԥхықәраны иҳаднаҵоит иҳабжьоу аимабзиаратәи аиҩызаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи ҳтәылақәа ирықәынхо ажәларқәа реизҳазыӷьара азы ганрацәала аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи.