АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2025

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Елена Вадзинскаиа Аиааира Амш лыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран Елена Тимофеи-иԥҳа Вадзинскаиа Аиааира Амш 80-шықәса ахыҵра лыдиныҳәалеит.

Лаша Ашәба Елена Тимофеи-иԥҳа агәабзиареи ашықәснҵыра дууи лзеиӷьаишьеит. «Ишәыдысныҳәалоит Аиаара Дуӡӡа Амш 80-шықәса ахыҵра! Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиареи агәамчи. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәхы шәамеигӡакәа ҳара ҳҭынч ԥсҭазааразы иҟашәҵаз азы.  Шәара шәхатә ҿырԥштәы ала Аԥсадгьыл абзиабареи ламысла анхареи аусуреи рзы агәазҭазаара ҳашәҭоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы аветеран лнапы иаиркит ашәҭ шьыҵәрқәеи агәалашәаратә ҳамҭақәеи. 

 

 


Read 89 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.