Мариа Павел-иԥҳа атәыла анапхгара аҟынтәи илоуз аџьшьара азы иҭабуп лҳәеит. Лара аибашьра азы лгәалашәара еиҭалҳәеит.
Аветеран Гагра ақалақь аҿы дынхоит.
Владимир Делба аветеран ашәҭқәеи аиубилеитә ԥаратә ҳамҭеи лнапы иаиркит.
Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Владимир Делба Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Мариа Косолапова Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш лыдиныҳәалеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ихьӡала иара адныҳәаларатә цҳамҭа, иара убас Аиааира Амш инамаданы аиубилетә ԥаратә ҳамҭа ланеишьеит.
«Агәадуреи ақьиареи рыла, зегьы реиҳа агәалашәарала игәылҭәаау Амш. Шәара ианшәаамҭаз еиҵагылараны иҟаз абиԥарақәа рзы акырӡа шәалшәыршеит, шәхы шәамеигӡеит урҭ рҭынч ԥсҭазааразы», – ҳәа иҳәеит Владимир Делба.