АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2025

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Аикарат Манукиан дидныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Вараздат Миносиан Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан инхо 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран Аикарат Манукиан дидныҳәалеит.

Аветеран инапы иаркын Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира Дуӡӡа Амш 80-шықәса ахыҵра инамаданы аветеранцәа ирзоуижьыз аиубилеитә ԥаратә ҳамҭа.

Вараздат Миносиан аветеран агәабзиареи иуацәеи иҭынхацәеи рыгәҭа ашықәснҵыра дууи изеиӷьаишьеит.

«Ҳара шәара шәфырхаҵара ес еиҵагыло абиԥарақәа ирызнаҳгалоит. Шәара шәфырхаҵареи шәеицамкреи  ҳара ҳзы иҿырԥшыгоуп», - ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.

Аикарат Тигран-иԥа абиԥара ҿыц аҭынчреи аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи рзеиӷьаишьеит.

«Еиҵгыло аҿар ирымбааит ҳара иаабаз аибашьра хлымӡаах», - ҳәа иҳәеит аветеран. сказал ветеран.


Read 91 times - Ашәахьа, 12 Лаҵара 2025 02:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.