Возвращение имени

Items filtered by date: Аԥшьаша, 08 Лаҵара 2025

Cухум. 8 мая 2025. Апсныпресс. Председатель Совета Федерации Федерального Собрания Российской Федерации Валентина Матвиенко поздравила Спикера Народного Собрания – Парламента Республики Абхазия Лашу Ашуба с Днём Победы в Великой Отечественной войне.

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Адықьса Гогәуа иԥсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵаразы Адҵа инапы аҵаиҩит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 8 рзы иԥсы ҭазҭгьы 84 шықәса ихыҵуан иналукааша Аԥсны аҳәынҭқарратәии анаукатәи  аусзуҩ, аҭоурыхҭҵааҩы, еицырдыруа археолог, кавказҭҵааҩы, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутат, Аԥсны Анапхгара аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу Иури Николаи-иԥа Воронов (лаҵарамза 8, 1941 ш. – цәыббрамза 11, 1995 ш.).

Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Аҟәа ақалақь ахада Ҭемыр Агрба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, аҵарауаҩ иуацәеи иҭынхацәеи, Иури Воронов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №3 аҵаҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә музеи аҿаԥхьа иҟоу аҵарауаҩ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

***

Иналукааша аҵарауаҩ, кавказҭҵааҩы, аҭоурых наукақәа рдоктор, Ареспублика Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩ, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥызацәа иреиуаз Иури Николаи-иԥа Воронов диит 1941 шықәса, лаҵарамза 8 рзы шьҭрала иаамысҭцәаз аҭаацәараҿы, Ҵабал ақыҭан, Вороноваа ргәараҭа "Иасочка" аҟны. Ҵабалтәи абжьаратә школ аҿы аҵара иҵон, анаҩс далгеит аҟәатәи абжьаратә школ №3 (1960 ш). 1965 шықәсазы далгеит Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет аегиптолог изанааҭ иманы.

Иреиҳаӡоу аҵара иманы Аԥсныҟа дхынҳәуеит. Аусура далагоит Аԥсны акультура абаҟақәа рыхьчаразы Аусбарҭаҿ аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҵбыс (1970ш.), атуризми аекскурсиақәеи рзы Ахеилак Хада анаукатә усзуҩ еиҳабыс аус иуан (1973 ш.). Иури Воронов аус иуан Д.Гәлиа ихьӡ зху аҭоурыхи, абызшәеи алитературеи Аԥснытәи ринститут аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабыс (1981ш.), Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа агуманитартә ҭҵаарақәа ринститут археологиа аҟәша аусзуҩ нагас (1993 ш.).

1991 иара депутатс далхын Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахь. Хәажәкырамза 1992 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 1993 шықәсанӡа иара Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ауаҩы изинқәеи жәларбжьартәи аизыҟазаашьақәеи рзы акомиссиа деиҳабын. 1993 шықәса рзы Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахада ихаҭыԥуаҩыс далхын, 1995 аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс.

Иури Воронов дравторуп – 800 инареиҳаны аҭҵаарадырратәи апублицистикатәи астатиақәа, уахь иаҵанакуеит 30 монографиа. Иҟоуп макьана икьыԥхьым аҵарауаҩ иусумҭақәагьы.

Иури Николаи-иԥа Воронов Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы «Аԥсны аҭоурыз ажәытәӡатәи аамҭақәа инадыркны заатәи ашәышықәсабжьара аҟынӡа» («История Абхазии с древнейших времен до раннего средневековья») атема ала акандидаттә диссертациа ихьчеит (1971 ш.), анаҩс «Мрагыларатәи Адгьылбжьарамшын аиха ашәышықәсазы (ҳера ҟалаанӡа VIII ашә.– зера азы VIII ашә. Иаҵанакуа абаҟақәа ринтерпритациеи рыхронологиеи рызҵаарақәа)) («Восточное Причерноморье в железном веке (вопросы хронологии и интерпретации памятников VIII в. до н. э. –в. н. э.)) атема ала Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа археологиа Аинститут аҿы адоктортә диссертациа ихьчеит (1985 ш.).

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. УФ атәылхьчара аминистр Андреи Белоусов Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа диԥылеит, ҳәа УА атәылахьчара Аминистрра ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.

«Ареспублика Аԥсны – Кавказнҭыҵ ҳаззықәгәыӷуа ҳадгылаҩыс иҟоуп. Аиҩызареи астратегиатә еиҩазареи рзы Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны атәылахьчара азеиԥш ҵакыра шьақәҳаргылоит»,– ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Андреи Белоусов.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агазеҭ «Аԥсны» Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә номер азнархиеит. Уаҟа аԥхьаҩцәа ирыдгалахоит  иуникалу аматериалқәа  жәпакы.

Раԥхьаӡа акәны агазеҭ адаҟьақәа ирнылеит аибашьра аҿы иҭахаз Аԥсны ақыҭақәа ирылҵыз рсиақәа рнаҩс афронт аҟынтәи зыҩныҟақәа рахь ихынҳәыз рсиагьы.  Агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада Ахра Анқәаб иажәақәа рыла, рыцҳарас иҟалаз, иҭахаз рзы адыррақәа аиҳарак еилкаазар, аибашьра зыхганы зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рыхьӡқәа зеиқәымхаӡеит:

«Уажәраанӡа аибашьра иалахәыз ақыҭауаа рхыԥхьаӡара азы азеиԥш дыррақәа ракәын иҟаз. Аибашьра иалахәыз рқыҭауаа рзы рҽазҵәылхны аинформациа еизызгоз школ аусзуҩцәа рыбзоурала, ҳара урҭ рсиақәа ркьыԥхьра ҳалагоит».

Аиубилетә номер аҿы икьыԥхьхоит ақыҭақәа Кәтол, Арасаӡыхь (ажурналист Инна Ҳаџьымба агазеҭ ахь иналгаз Хәыхәыҭ Бганба иматериалқәа рыла), Мгәӡырхәа, Ҟәланырхәа,  Хәаԥ ақыҭақәа рыла аинформациа. Ашықәс нҵәаанӡа егьырҭ ақыҭақәа рылагьы аинформациа кьыԥхьхоит. Иазԥхьагәаҭаны иҟоуп аветеранцәа рыхьӡи рыжәлеи рыдагьы, урҭ рфотосахьақәеи, иара убас иааркьаҿны рнысымҩақәеи ркьыԥхьра.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Адаҟьа 2 - 2
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.