Урыстәылатәи атәылахьчаратә хылаԥшырҭа Хада анапхгаҩы арегионалтә шәарҭадара аиқәыршәра аҿы акыр зҵазкуа елементны иҟоуп 7-тәи арратә база ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иажәақәа рыла, араҟа абаза арратә лшарақәа реизырҳареи аруааи урҭ рҭаацәеи ганрацәала реиқәыршәареи ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп.
«Аԥсны амилаҭтә арбџьармчқәа рыҩаӡара ашьҭыхреи арратә кадрқәа разыҟаҵареи ганрацәала ҳадгылоит. Урыстәылатәи арратә ҵараиурҭақәа рҿы хәыда-ԥсада аҵара рҵоит 200 - ҩык рҟынӡа шәтәылауаа. Аринахысгьы активла аҩганктәи аусеицура арҿиара ҳазхиоуп», -ҳәа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистр.
Андреи Белоусов иара убас аԥснытәи иколлега аамҭа ԥшааны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы ахьалаирхәуа азы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит. «Иаҳдыруеит анацисттә Германиа ахыбгалара аус аҿы аԥсуа жәлар рлагала ду ҳаҭыр шақәу атәы», - ҳәа иҳәеит иара.
Ахәҭакахьала, Владимир Ануа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы Урыстәыла атәылахьчара Аминистрреи Арбџьармчқәа Рыштаб Хадеи ареспублика атәалахьчаралшара арӷәӷәара, амилаҭтә арбџьармчқәа рылшара аизырҳара азы имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа, уи инамаданы ареспублика аҿы иҟоу Урыстәылатәи 7-тәи арратә база аруаа рыцхыраарала Аԥсни Урыстәылеи Кавканҭыҵ арратә шәарҭадара аиқәыршәаразы имҩаԥгахо аҩганктәи ауснагӡатәқәеи рҿы алагала даара ахә ҳаракны иршьоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.