АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2025

Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира Амш 80-шықәса ахыҵра иазкуп агазеҭ «Аԥсны» аныҳәатә номер.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Агазеҭ «Аԥсны» Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазкны аныҳәатә номер азнархиеит. Уаҟа аԥхьаҩцәа ирыдгалахоит  иуникалу аматериалқәа  жәпакы.

Раԥхьаӡа акәны агазеҭ адаҟьақәа ирнылеит аибашьра аҿы иҭахаз Аԥсны ақыҭақәа ирылҵыз рсиақәа рнаҩс афронт аҟынтәи зыҩныҟақәа рахь ихынҳәыз рсиагьы.  Агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада Ахра Анқәаб иажәақәа рыла, рыцҳарас иҟалаз, иҭахаз рзы адыррақәа аиҳарак еилкаазар, аибашьра зыхганы зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рыхьӡқәа зеиқәымхаӡеит:

«Уажәраанӡа аибашьра иалахәыз ақыҭауаа рхыԥхьаӡара азы азеиԥш дыррақәа ракәын иҟаз. Аибашьра иалахәыз рқыҭауаа рзы рҽазҵәылхны аинформациа еизызгоз школ аусзуҩцәа рыбзоурала, ҳара урҭ рсиақәа ркьыԥхьра ҳалагоит».

Аиубилетә номер аҿы икьыԥхьхоит ақыҭақәа Кәтол, Арасаӡыхь (ажурналист Инна Ҳаџьымба агазеҭ ахь иналгаз Хәыхәыҭ Бганба иматериалқәа рыла), Мгәӡырхәа, Ҟәланырхәа,  Хәаԥ ақыҭақәа рыла аинформациа. Ашықәс нҵәаанӡа егьырҭ ақыҭақәа рылагьы аинформациа кьыԥхьхоит. Иазԥхьагәаҭаны иҟоуп аветеранцәа рыхьӡи рыжәлеи рыдагьы, урҭ рфотосахьақәеи, иара убас иааркьаҿны рнысымҩақәеи ркьыԥхьра.

Аматериал ду изкуп Родион Чамагәуа. Хҩык иашьцәеи иареи аибашьра зегьы рхыргеит. Аҩныҟа ҩыџьа роуп ихынҳәыз. Иара иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иԥҳа еиҳабы, лаб имаҭәақәа реилыргара дшаҿыз аблокнот лымԥыхьашәеит. Ишеилкаахаз  ала, Родион Чамагәуа  1943 шықәса раахыс амшынҵа имазаарын. Уи анҵамҭақәа раԥхьаӡа акәны акьыԥхь ахь ицәыргахеит.  

«Аԥсҭазаара азы» ҳәа ахьӡ змоу даҽа материалк 2019 шықәсанӡа хабарда ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалаз  Мамед Анқәаб изкуп. Фы-шықәса раԥхьа уи дахьҭахази анышә дахьамадоуи рзы аинформациа цәырҵит.

Борис Каџьаа хаз игоу истатиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан Ленинград амҵан фырхаҵарыла еибашьуаз  аԥшыхәҩы  Мирод Амԥар изкуп.  Акыр шықәса иара хабарда дыбжьаӡит ҳәа иԥхьаӡан. Усҟантәи аамҭазтәи ахҭысқәа ирылахәыз, зыблала избаз рдыррақәеи аҟазадырҩы Боча Аџьынџьал иархивтә дыррақәеи ирыбзоураны алегендартә фырхаҵа иԥсҭазаара аиҭашьақәыргылареи аарԥшреи алыршахеит.

Аибашьра алахәылацәа аишьцәа Гагәылиаа ирызку аматериал лыҩит Альбина Жьиба. Елана Лашәриа лыстатиа изылкит  80 шықәса рыла раԥхьаӡа акәны ззыҳәан аинформациа кьыԥхьу Чик Ԥачлиа.  Илана Ԥачлиа Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан хабарда ибжьаӡыз лабду Хәыта Пиотр-иԥа Ԥачлиа  изкны аматериал лыҩит. Алиса Гәажәба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш  80-шықәса ахыҵра иазкны еиҿкааз ацәыргақәҵа азы астатиа лыҩит. Иара убас, актәи ацәаҳәа аҿы икьыԥхьуп иахьа Анцәа иҟынтәи зыԥсы ҭаны иҟоу 15-ҩык Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рзы адыррақәа.

Агазеҭ аредактор хада  Ахра Анқәаб агәра ганы дыҟоуп агазеҭ аныҳәатә номер аинформативреи иуникалу аматериалқәеи иԥшшәылоу акьыԥхьи ирыбзоураны аԥхьаҩ игәаԥхап ҳәа.

 

 

 

 

 


Read 37 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.