АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Лаҵара.2025

Аҟәа ақалақь аҿы апатриоттә акциа «1418 шьаҟа Аиааира аҟынӡа» мҩаԥысит. агов к Победе». Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх. Абх.Абх. Абх.

Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2025 шықәса. Аԥсныпресс.  Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 80-шықәса ахыҵра иазку апатриоттә акциа «1418 шьаҿа Аиааира аҟынӡа» мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.

Акциа иалахәыз амшын аԥшаҳәа ала 1418 шьаҿа ҟарҵеит, убри аҟара мшы ицон аибашьратә хҭысқәа. Идырым Асолдаҭ ибаҟа аҟынӡа ианынаӡа уи амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Акциа иалахәыз  23 цәашьы — Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак занашьаз Аԥсны атәылауаа рхыԥхьаӡара аҟара адыркит, иара убас ацәашьқәа рыла ажәа «ПОМНИМ» шьақәдыргылеит.

Абаҟа азааигәара афырхацәа рфотосахьақәа зныз амольбертқәа ргылан.

Акциа ахыркәшамҭаз ахәыҷқәа аибашьра иазку апатриоттә жәеинраалақәа ирыԥхьеит.

 

 


Read 93 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.