pressadmin-2
АԤСНЫТӘИ АҲАЗЫЛХЫҨЦӘА РЗАНААҬТӘ НЫҲӘА АЗГӘАРҬЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27 рзы Аҳазылхыҩ Иныҳәамш азгәаҭара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа аџьшьара рыҭара иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.
Ацеремониа аҿы адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа. Атәыла Ахада ихьӡала Аԥсны Аҳазылхратә Еилакы анапхгараҭареи хаҭалатәи аилазаареи рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура анапхгара ахьӡала аԥснытәи аҳазылхыҩцәа дрыдныҳәалеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Константин Козлов.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ҬЫРҚӘТӘЫЛА ИҞОУ АҦСУА КУЛЬТУРАТӘ ЦЕНТРҚӘА РФЕДЕРАЦИА АХАҬАРНАКЦӘА ДЫРҦЫЛЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахаҭарнакцәа дырԥылеит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп – Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора абыргцәа рхеилак ахада Иумиҭ Аҭеиба, уи ихаҭыԥуаҩ Биуленҭ Аҩӡба.
Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба, уи ицхырааҩ Џьансыхә Лазба, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит: "Ҳаиԥылара акырӡа сеигәырӷьеит. Иахьа, ныҳәа дууп - Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра иамшуп. Ҳара ҳзы гәахәароуп Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа рыԥсадгьыл ахь ирымоу аимадара есааира иахьдырӷәӷәо".
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа ажәа риҭеит аԥсуа диаспореи аҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәаразы иҟаҵатәу аусқәа ирылацәажәарц. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ргәы иҵхо азҵаарақәа рҭак аҟаҵара дшазыхиоу. Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуа диаспора абыргцәа рхеилак ахада Иумиҭ Аҭеиба Ҭырҭәтәыла инхо аԥсуаа рыхьӡала Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәра амши хара имгакәа иазгәаҳҭараны иҟоу Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идиныҳәалеит.
"Ҳара даара ҳаигәырӷьеит ҳаиԥылара. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа аҳәара ҟарҵеит рыхьӡала асалам шәыҭаразы, аныҳәа шәыдныҳәаларазы. Ҳара иҳамоуп ҳазлацәажәарц иаҳҭаху азҵаарақәа, ҳагьақәгәыӷуеит ҳаицәажәара аконструктивтә ҟазшьа аиуп ҳәа", - иазгәеиҭеит Иумиҭ Аҭеиба.
АХЬӠ-АԤША АПАРК АҾЫ АԤСНЫ АФЫРХАЦӘА ҲАҬЫРЛА ИРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы анышә иамадоу афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы иадыркит агәалашәара ацәашьқәа. 23 шықәса инареиҳаны ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа цәыббрамза 27, асааҭ 19:00 рзы Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеиуеит, араҟа урҭ 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз, Аԥсны аҳҭнықалақь агәаҿы анышә иамадоу афырхацәа рҳаҭгәынқәа рҿы ацәашьқәа адыркуеит.
Иахьа ахәылбыҽха урҭ рхәыҷқәеи рмаҭацәеи рыцны Ахьӡ-Аԥша апарк ахь инеины Аԥсны Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЏЬЫНЏЬТӘЫЛАТӘИ ЕИБАШЬРА АИНВАЛИДЦӘА РФОНД АҲӘСА АИБАШЬРА АИНВАЛИДЦӘА РЫЦЫԤХЬАӠА ИРХЫРЫԤХЬАӠАЛОИТ 5 000 МААҬ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз аҳәса аинвалидцәа рыцыԥхьаӡа ртәанчахәқәа инацҵаны ирхыԥхьаӡалахоит хәба-хәба нызықь мааҭ. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит 1992-1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рҳәынҭқарратә биуџьеҭнҭыҵтәи афонд анапхгаҩы Дмитри Ҭарба.
АРТУР КЬЫРКЬЫНАӠЕ ИҬААЦӘА АСОЦИАЛТӘ ШӘАТӘҚӘА РЗЫԤҴӘАХОИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара хатәгәаԥхарауаҩ, Донбасс иҷыдоу арратә операциа аан иҭахаз Кьыркьынаӡе Артур Беслан-иԥа иҭаацәа рзы зныктәи асоциалтә шәатәы шьақәнаргылеит. Артур Кьыркьынаӡе иҭаацәа ирызшәахоит 1 млн. мааҭ.
Уи азы ақәҵара рыдыркылеит цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.
Аусшәҟәқәа рыдгалара мҩаԥигеит асоциалтә бгаԥса аминистр Руслан Аџьба.
ДОНБАСС АХӘРА ЗАУЗ АԤСНЫТӘИ ХАТӘГӘАԤХАРАУАА 500- 500 НЫЗЫҚЬ МААҬ РЫЗШӘАХОИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы хатәгәаԥхарала Донбасс имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда иалахәу, ахәра ӷәӷәа зауз Алиас Аҩӡбеи Нарсоу Адлеибеи зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭара азы Ақәҵара рыдыркылеит.
Алиас Аҩӡбеи Нарсоу Адлеибеи 500-500 нызықь мааҭ рызшәахоит.
Уи азы ақәҵара рыдыркылеит цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.
АСЕРТИФИКАЦИАТӘ КОМИССИА АИЛАЗААРА АХЬ АНАГӠАРАТӘ МЧРА АХАҬАРНАКЦӘА АЛКААХЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны аиустициа Аминистрра аҟны иҟоу асертификациатә комиссиа аилазаара ахь анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәа ралкаара мҩаԥнагеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Асертификациатә комиссиа анагӡаратә мчра аҟынтәи иалалеит:
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АУСХКЫ ИАДҲӘАЛОУ АТӘЫЛА АНАПХГАРА АЗАКӘАНШӘҞӘҚӘАК АИҬАКРАҚӘА АЛАГАЛОУП.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы агәабзиарахьчара аусхкы иадҳәалоу атәыла анапхгара азакәаншәҟәқәак аиҭакрақәа ралагаларазы Ақәҵара рыдыркылеит. Аиҭакрақәа ажьырныҳәамза 27, 2022 шықәсазы Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала ишьақәырӷәӷәаз 2022 шықәсазтәи ахылаԥшратә хықәкытә программа «Атәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа еиԥш уи анҭыҵгьы рыхәышәтәра» иалагалахоит. Уи апрограмма афинанстәра ашәагаақәа ишиашоу иадҳәалоуп.
80 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо Апрограмма афинанстәра 2022 шықәсатәи ареспубликатә биуџьеҭ ахарџь ала имҩаԥысуеит.
ИАХЬА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АҞӘА ҚЫРҬТӘЫЛА АҲӘЫНҬСОВЕТ АРХӘҬАҚӘА РҞЫНТӘИ АХАҚӘИҬТӘРА АМШ 29-ШЫҚӘСА АХЫҴИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра амш 29 - шықәса ахыҵуеит. Аҟәа ахақәиҭтәразы 12 мшы имҩаԥысуаз ажәыларатә операциа напхгара арҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Сергеи Дбари.
Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирываршьааз акыр ишырацәазгьы ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара. Аҵыхәтәаны, ҽынла, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа шьҭахьҟа, Егры аӡиас ала инагоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахь дыԥхаҵан. Цәыббрамза 30 рзы Қырҭтәылеи Аԥсни ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы ишьақәыргылан Аԥсны абираҟ.
Иахьа ашьжьымҭан, Аҟәа ақалақь Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџььтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит. Арахь иаауеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа.
Аҟәа ахақәиҭтәра Амш аҽны аҳҭнықалақь аҿы имҩаԥгахоит аныҳәатә гәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа жәпакы. Убас:
Асааҭ 10:00 рзы Ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ №1 аҿы амилаҭтә спорт хкқәа рыла аицлабрақәа ирылагоит;
Асааҭ 12:00 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы иалагоит аныҳәатә усмҩаԥгатә «Сықалақь Аҟәа»;
АТӘЫЛА АНАПХГАРА АХАҬАРНАКЦӘА АИБАШЬРА АҾЫ ИҬАХАЗ РГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ақалақь ауааԥсыреи уи асасцәеи аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра Амш 29 - шықәса ахыҵра инамаданы дрыдныҳәалеит.
«29 шықәса раԥхьа 407 мшы ирҭагӡаны аӷа инапаҵаҟа иҟаз Аԥсны аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра алыршахеит.
Ҳара зегьы – Аҟәа ауааԥсыра рыдагьы Аԥсны атәылауаа зегьы рзы акрызҵазкуа ари амш ааигәхаара доусы иҳалшоз ала ҳҽазаҳшәон.
Цәыббрамза 27 – Аԥсынтәыла агәеисырҭа Аҟәа ахы ианақәиҭтәыз амш аҽны Аԥсны гәыла-ԥсыла ахы иақәиҭхеит.
Аҟәа ахақәиҭтәразы аиҿагылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан инеиԥынкыланы 12 мшы. Мҩадуцыԥхьаӡа, ҩныцыԥхьаӡа, абжьаларҭақәа, ахыбрақәа, уҳәа, шьаҿа-шьаҿала аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭхон. Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара. Аҵыхәтәаны, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын.
Аҟәа ахақәиҭразы ажәыларатә операциа напхгара арҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Сергеи Дбари.








