«Ҳара акомитет аҿы апроект ҳахәаԥшит, азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, иқәҳаргылаз азҵаарақәа зегьы рҭак ҳауит», - ҳәа иҳәеит Беслан Ҳалуашь.
29.Ԥхынҷкәын.2022
АԤСНЫ АБАНК 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АНЫХТӘҚӘА РХАРЏЬЫНҴА 434 МЛН 470 НЫЗЫҚЬ МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠОИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк 2023 шықәсазы аныҟәгара азы аныхтәқәа рхарџьынҵа ашьақәырӷәӷәара мҩаԥыргеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Адепутатцәа Абанк аныхтәқәа рхарџьынҵа шьақәдырӷәӷәеит. Уи 434 млн 470 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.