2023 – 2025 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара азы Аинвестициатә Программа анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны абиуџьеттә инвестициақәа рымҩаԥгара хықәкыс иҟаҵаны . - 1 млрд 215 млн мааҭ;
2022 – 2025 шш. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма аекономикатә усхкқәа аҳәынҭқарратә цхыраара аусмҩаԥгатәқәа рфинанстәра азы . - 180 млн. мааҭ.
2023 – тәи ашықәс азы иазԥхьагәаҭоу ареспубликатә биуџьеҭ аныхтә хәҭа азеиԥш еицҵалыҵ - 11 млрд 298 млн 118,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Ареспубликатә биуџьеҭ адефицит – 1 млрд 676 млн 101, 9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Акредитқәа рыла аҩныҵҟатәи ауал ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәсазы хыхьтәи аҩаӡара аҿы ишьақәыргылоу аицҵалыҵ 800 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ареспубликатә анҵыҵтәи ауал хыхьтәи аҩаӡара аҿы ишьақәыргылоу аицҵалыҵ 1 млрд 107 млн 765,1 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Ишьақәырӷәӷәоуп 2023 шықәсазы ареспубликатә аҩныҵҟатәи уалгара апрограма. Уи азеиԥш еицҵалыҵ 800 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.