Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аламҭалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиба Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа ҳазҭалараны иҟоу аныҳәа рыдылныҳәалеит, зегьы хаҭа-хаҭала ахаа-мыхаақәа ҳамҭас ирылҭеит.
Ашкол аҧхьа Аелита Ахьиба дылԥылеит Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба.
Аҵаҩцәа Ахада иԥшәмаԥҳәыс ашәҭшьыҵәрақәа лырҭеит, иара убас рнапала иҟарҵаз ашықәсҿыцазтәи ажьа.
«Акыр иаԥсоу ахәыҷқәа, Аҵаа Бабаду ихаау аҳамҭақәа шәзааигеит. Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц. Еснагь шәлахҿыхыз, шәгәы бзиаз, шәҭаацәа ишәырҭараны иҟоу аҳамҭақәа рыда хьаа рымамзааит. Даара бзиа шәаҳбоит, Аҳәынҭқарра Ахада иакәзар, салам шәиҭоит", - лҳәеит Аелита Ахьиба.
Ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит иара убас аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.
«Ҳара даара ҳазгәыдууп ақалақь аҟны згәабзиара ԥку ахәыҷқәа рзы ас еиԥш иҟоу, алшара бзиақәа рызҭо ацхыраагӡатә школ ахьҳамоу. Хымԥада, иҟоуп аус здаҳулаша, аԥхьаҟа арҭбаара ҳгәы иҭоуп. Сара избоит, ашкол аҟны аус зуа аџьа шырбо, азҿлымҳара ирымоу.
Анаҩс Беслан Ешба Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс иҭабуп ҳәа лаиҳәеит ахәыҷқәа дрыдныҳәаларц дахьааз.
Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ адиректор Викториа Ҭаркьыл ахәыҷқәа ирҭааз асасцәа иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Иахьа, иара убас Аелита Ахьиба Очамчыра араион Тамшьтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа дрыдныҳәалеит. Ашколхәыҷқәа Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс иҭабуп ҳәа ларҳәеит, ажәеинраалақәа илзаԥхьеит, ажәа лырҭеит аҵара бзианы ишырҵало азы.