Аусмҩаԥгатә еиҿкаауп аҳҭнықалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа ала. Афотосахьа ҟалҵеит Викториа Хәырхәмал.
27.Ԥхынҷкәын.2022
Е.ЕШБА ИХЬӠ ЗХУ АПАРК АҾЫ АХӘЫҶБАҲЧАҚӘА РААӠАМҬАЦӘА РЗЫ АШЫҚӘСҾЫЦТӘИ АМУЗЫКАТӘ АДНЫҲӘАЛАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 26 -29 рзы Аҟәа ақалақь, Е.Ешба ихьӡ зху апарк аҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рзы ашықәсҿыцтәи амузыкатә адныҳәалара мҩаԥысуеит.
Аныҳәа аламԥалазтәи аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма аҿы иара убас иҟоуп ауаҩы ишәара инеиуа акьанџьақәа рыцнеиаира, иара убас афотосахьақәа рҭыхра.