pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахь аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра ақалақь аҿы зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа акурорт-зҩыдатәратә база аҿы аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит. 16-еихагылакны иҟоу Очамчыратәи аԥсшьарҭаҩны 260 номер амазаауеит, уи 600 шьҭаларҭа-ҭыԥла еиқәыршәахоит. Иарбоу аобиект иааиуа 2023-тәи ашықәс азы, аԥсшьараамҭа алагамҭа, рашәарамзазы ахархәарахь рыҭара азԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума атәылахьчаразы Аилак ахантәаҩы Андреи Картаполови реиԥылара мҩаԥысит.   

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәеи гәыԥҩык Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит 2022 шықәса аихшьала азуразы ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны.

Аилацәажәараан иазааҭгылеит афымцамч, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рынагӡара, Аԥсны аинвестициадԥхьалара аиӷьтәра уҳәа ирызкыз азҵаарақәа.

Иара убас иахцәажәеит асоциалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭанхамҩатәи аарыхра амҽхак инаданы иактуалтәу азҵаарақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада аҭыԥантәи ахаланпхгаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа иргәалаиршәеит рнапы иану араионқәа рыҟны иҟоу аҭагылазаашьазы ирыду аҭакԥхықәра атәы, аусхкқәа зегьы рыҟны аинформациа асистематә ҟазшьа аҭареи, хырхарҭацыԥхьаӡа хәҭа-хәҭала адырра амазареи ирымоу аҵакы наҵшьны.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион аихшарҭатә база даҭааит, уа Донбасстәи ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә цхыраара ашьҭразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иахьазы еиқәыршәоуп 60 тонна амандарин ашьҭразы. 10 тоннак инареиҳаны адкыларҭатә ҭыԥқәа рахь инаргеит атәылауаа.

«Ҳарҭ ҳацклаԥшны еилаҳхуеит, нас еизгоу амандарин рыҭрақәа ирҭаҳҵоит, Донецктәи Лугансктәи Жәлар р-Республикақәеи, Херсонтәи, Запорожсктәи ахәыҷқәа рҟынӡа инаӡарц азы. Аусура минуҭкгьы иаанкылам, ирласны иеизакхар, ахәыҷқәа ашықәс ҿыц азы ашәыр роуртә иҟалоит», - ҳәа иазгәарҭон аусуҩцәа атәыла Ахада ианиҿцәажәоз.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит Акционертә уаажәларра «Газпррм промгаз» аделегациа злахәыз аиԥылара.

Аиԥылараҿы аҳәынҭқарра Ахада идыргалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра агазла аиқәыршәразы Асхьема хада апроект.

Апроект аус адулан газла аиқәыршәразы асхьема хада азырхиаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи "Газпром промгази" рыбжьара изҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.

Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусурақәа зегьы рымҩаԥгара ҿҳәарас иаҭан шықәсык. Еиқәшаҳаҭрала иаҵаҩын, агазификациа Асхьема хада апроект ала иазԥхьагәаҭаз аетапқәа зегь рымҩаԥгара аҿҳәара ҳәаақәызҵоз амҩатә хсаала.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зхы иақәиҭхаз иҿыцу Урыстәылатәи арегионқәа рҿы инхо ахәыҷқәа рзы агуманитартә цхыраара аизгара мҩаԥысуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа ала, ареспублика араионқәа зегьы рҿы еиҿкаауп агуманитартә цхыраара аизгара апунктқәа. Ареспублика ауааԥсыра активла иарбоу акциа рхы аладырхәуеит.  Очамчыра араион аҿы убас еиԥш иҟоу апунктқәа руак иахьа  даҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада араион ауааԥсыра агуманитартә акциа рхы ахьаладырхәо азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит:

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арратә прокуратура Қырҭтәыла атәылауаҩԥҳәыс Такалаӡе Кристина лганахьала ихацыркыз аусеилыргара ала ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит.  Кристина Такалаӡе ашпионаж азы ахара лыдҵоуп.  

Аусеилыргара аверсиа инақәыршәаны, лара еизылгон, анаҩс Қырҭтәыла иҷыдоу амаҵзурақәа ирылҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра арратәии аҳәынҭқарратәии амаӡа иаҵанакуа адыррақәа.

Аусеилыргара ахәаԥшразы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп. Кристина Такаланӡе лганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ала аҭакрала ахьырхәра алхуп.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәсазы ртәанчахәқәа рызшәара аграфик шьақәнарӷәӷәеит. Ианиз ашықәс инамаданы атәанчаҩцәа х-гәыԥкны еихшахоит.  Атәанчахәқәа ршәара алагоит ԥхынҷкәынмза 16  рзы.

Ԥхынҷкәынмза 16, 19, 20 рзы атәанчахәқәа рызшәара иалагоит  1-тәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа (1950 шықәсанӡа ииз уахь иналаҵаны);

Ԥхынҷкәынмза 21, 22 , 23 декабря  - рзы атәанчахәқәа рызшәара иалагоит  2-тәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа (1951 – 1956 шш. ииз уахь иналаҵаны);

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 8 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы Урыстәыла аусқәа рҿы аамҭалатәи  агәрага Максим Литвинови Аԥсны аусуратә визитла иҟоу Архангельтәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ  - Агубернатор Иусбарҭеи Анапхгареи реиҳабы Ваге Петросиани реиԥылара мҩаԥысит.

Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы аганқәа Архангельтәи аобласти Аԥсни аусеицура абжьаҵара аперспективақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аттестациатә комиссиа алахәылацәеи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи алархәны.

Аԥсны ахада инапынҵала Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа маҷ-маҷ арефрормақәа ирхыжьхоит.

Аусутә онлаин-еилацәажәараҿы аминистр Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны амилаҭтә интересқәа ирыҵагыло, хра змоу институтны иҟалар шакәу.

«Ацҳаражәҳәарҭа оперативлеи хаҭабзиаралеи ҳацтәылауаа еиуеиԥшым рызҵаарақәа рганахь ала рырзаҳалқәеи, рзыҳәақәеи, рҭаххарақәеи ирызхьаԥшлароуп. Ацҳаражәҳәарҭаҿы иҟазароуп алҵшәа иазырхо, ипрогрессивтәу аҭагылазаашьа» ҳәа иҳәеит иара.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.