Items filtered by date: Аԥшьаша, 28 Абҵара 2024
2026 шықәсазы Цандрыԥшь иаатуеит Аԥсуа школ.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Цандрыԥшь аҳаблаҿы ԥыхьатәи ақырҭуа школ ахыбра аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит. Аусурақәа анхыркәшахалак ашьҭахь араҟа иаатуеит аԥсуа школ, уаҟа аҵара рҵар алшоит 350-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа.
Гагра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиба иазгәалҭеит: «Цандрыԥшьтәи абжьаратәи ашкол № 2 аҿы иҟоуп аԥсуа сектор, аха аҳаблаҿы аԥсуа школ аартра аҭахны иҟан, уи азҵаара акыр аамҭа рыҩныҵҟа алацәажәара мҩаԥысуан. Аҭыԥантәи ауааԥсыра раԥшьгаралеи Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь иҟаиҵаз адгылареи ирыбзоураны, аҭыԥантәи амчрақәа ԥыхьатәи ақырҭуа школ ахыбра ареконструкциа азы аԥаразоужьразы аӡбамҭа рыдыркылеит».
Ԥхынҷкәынмза 4 рҟынӡа Урыстәылантәи иаашьҭхо афымцамч ахәԥса ашәаразы аԥаратә хархәагақәа ԥшаауп.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба иҟаиҵаз анапынҵа ала, Урыстәылантәи иаашьҭхо афымцамч ахәԥса ашәаразы аԥаратә хархәагақәа рыԥшаара алыршахеит. Иарбоу аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ ахаша, ԥхынҷкәынмза 4 аҟынӡа иаашьҭхо афымцамч ахәԥса ашәара иазхоит. Абри азы Бадра Гәынба адырра ииҭеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атрансорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба.
Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ихьанҭоу, ҷыдала ихьанҭоу ацәгьоурақәа ҟазҵаз ауаа Аԥсны иааныркылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 23, 2024 шықәса рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан, ироуз аоперативтә дырра ахархәарала, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа иааныркылеит Урыстәыла атәылауаа Павел Копцеви Владислав Лисови, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Иҟоу адыррақәа рыла, иарбоу ахаҿқәа ашьауӷатә шьҭазаара рҽацәырыхьчарц, аԥаршеи шәҟәқәа рхы иархәаны ареспубликахь иааит. Анаҩс дара закәаншьаҭада атәыла ауааԥсыра рыбжьаҟазарыла аԥсуа-ақырҭуатә ҳәаа ахысра ргәы иҭан.
45-ҩык Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аушьҭымҭацәа рҵара адиплом ҟаԥшь ала ихдыркәшеит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы адиплом ҟаԥшьқәа ранашьара иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аушьҭымҭацәа ирыдныҳәаларц арахь иааит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи.
ААУ аректор Алеко Гәарамиа аушьҭымҭацәа зегьы рҵара ахыркәшара рыдиныҳәалеит, урҭ аринахысгьы рҵараиурҭа ишамадахо, насгьы қәҿиарала анаукахь рымҩа шацырҵо азы агәыӷрагьы ааирԥшит.
2024 шықәсазы 486-ҩык астудентцәа аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа рыҭирахьы инашьҭын, урҭ рахьынтә 160-ҩык ибзиаӡаны аԥышәарақәа рҭиит, 45-ҩык адиплом ҟаԥшь ала рҵара хдыркәшеит.
Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа аҭоуба шьҭарҵалоит аҳәынҭқарратә аԥсуа бызшәа ала.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа аҭоуба шьҭарҵалоит аҳәынҭқарратә аԥсуа бызшәа ала.
Аиԥш-зеиԥшу анорма иаҵанакуеит иара убас раԥхьа иалхыз азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәеи Арбитражтә ӡбарҭеи рыӡбаҩцәагьы.
Есма Хагәышь Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есма Ҳагәышь Жәлар Реизара-Апарламент аӡбамҭала Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс дҟаҵоуп.
Уи азы ақәҵара рыдыркылеит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатацәа. Есма Хагәышь Гагра араионтә ӡбарҭа аӡбаҩыс лыҟаҵара азы рыбжьы арҭеит – 26 –ҩык адепутатцәа, мап ркит – 4-ҩык.
Ҳагәышь Есма Анатоли-иԥҳа диит 1983 шықәсазы.
2001 шықәсазы далгеит Афонҿыцтәи абжьаратәи ашкол.
2007 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет азиндырратә факультет «Азиндырра» азанааҭҵара далгеит.
Цәыббрамза 12, 2007 шықәса рзы Очамчыра араион апрокуратура аусеилыргаҩ имаҵураҭыԥ ахь астажиорс дрыдыркылеит.
Денис Ҵәыџьба Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Денис Ҵәыџьба Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩыс дҟаҵоуп.
Уи азы ақәҵара рыдыркылеит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа. Денис Ҵәыџьба Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ имаҵураҭыԥ аҿы иаҭара азы рыбжьы арҭеит 30-ҩык адепутатцәа.
Ҵәыџьба Денис Владимир-иԥа диит 1982 шықәса рзы.
2000 шықәсазы Денис Ҵәыџьба далгеит Ҷлоутәи абжьаратәи ашкол.
2005 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет азиндырратә факультет «Азиндырра» азанааҭ ала.
2005 шықәса инаркны 2006 шықәсанӡа Ареспублика Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Мрагыларатәи арратә Гәыԥ аҿы ирратә уалԥшьа наигӡон.
Цәыббрамза 19, 2006 шықәсазы - Очамчыра араион апрокурор ицхырааҩ асҭажиорс дҟаҵан.
Жәабранмза 20, 2007 шықәса рзы - Очамчыра араион апрокуратура аусеилыргаҩ имаҵураҭыԥ ахь стажорс дҟаҵан.
Цәыббрамза 24, 2007 шықәса рзы – Очамчыра араион апрокуратура аусеилыргаҩыс дҟаҵан.
Хәажәкырамза 5, 2009 шықәса рзы - Очамчыра араион апрокурор ицхырааҩыс дҟаҵан.
Жьҭаарамза 7, 2010 шықәса рзы иара хаҭала иалеиҵаз арзаҳал инақәыршәаны, даҽа усураҭыԥ ахь ииасра инамаданы, Ареспублика Аԥсны апрокуратура аусбарҭақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.
Ԥхынҷкәынмза 3, 2010 шықәса инаркны – Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аусеилыргаратә гәыԥ анапхгаҩыс аус иуан.
Абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа хԥа 2024 шықәсазы рбиуџьетқәа аныхтәи ахашәахәытә хәҭақәа аиҭакрақәа алагалахеит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа хԥа 2024 шықәсазы рбиуџьетқәа аныхтәи ахашәахәытә хәҭақәа аиҭакрақәа ралагалара иақәшаҳаҭхеит. Убас:
Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд
Ахашәалахәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ - 197 млн. 812,5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа –242 млн. мааҭ рҟынӡа. Адефициат ахышәа-ҵышәа - 44 млн. 187, 5 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Адефицит афинансыркра ахыҵхырҭаны иалкаауп Афонд ажьырныҳәамза 1, 2024 рзы аԥаратә хархәагақәа рцәынха.
Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа мҩаԥгахоит жәабранмза 15 рзы.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа. Уи азы аԥшьаша, абҵарамза 28 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы аӡбамҭа рыдыркылеит Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.
Алхратә закәанԥҵара инақәыршәаны, алхрақәа рымҩаԥгара ҩымз шагу, акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рҭаҩра иалагоит, аҭаҩра абжьыҭара 40 мшы шагу ихыркәшахоит.
Алхратә комиссиа Хада 10-мыш рыҩныҵҟа адокументқәа ҭнаҵаауеит, ашәҟәҭагалара алхрақәа мызкы шрыбжьоу ихыркәшахоит. Акандидат ҩ-нызқь инаркны ҩ-нызқьи бжаки рҟынӡа анапынҵақәа еизигар ахәҭоуп. Иара икандидатура апартиа Аизара Ду аҿы иқәнаргылазар, усҟан анапынԥҵақәа реизгара аҭаххаӡом.
Аҳәынҭқарра Ахадеи уи ихаҭыԥуаҩи ҳәа кандидатс иқәгыло Алхратә комиссиа Хада ахь арзаҳал нарышьҭроуп алхрақәа рхы рылархәра ишақәшаҳаҭу азы, рҭаацәеи дареи рлагалази рмазарази адыррақәа. Иара убас, аԥсуа бызшәа шырдыруа шьақәдырӷәӷәароуп.
Актәи атур аҿы иаиааиз далкаамхар, аҩбатәи атур ҩымчыбжь рышьҭахь имҩаԥгахоит. Уи рхы аладырхәуеит еиҳаны абжьы зауз ҩыџьа акандидатцәа. Аҳәынҭқарра Ахадас иҟало еиҳаны абжьы зауа иоуп.
Аҳәынҭқарра ахада иҭоубашьҭаҵара алхрақәа рылҵшәақәа анрылаҳәаха инаркны 30-мшы рыҩныҵҟа имҩаԥысуеит.
***
Ареспублика Аԥсны Аконституциеи «Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы» аконституциатә закәани инарықәыршәаны, Аҳәынҭқарра Ахадас далхзар ҟалоит милаҭла иаԥсыуоу, зхатәы бызшәа ибзианы издыруа, 35 шықәса ирхысхьоу, 65 шықәса ирҭымсыц, алхратә зин змоу, алхрақәа рҟынӡа иаԥхьанеиуаз 5-шықәса рыҩныҵҟа иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхоз Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ.
Адепутатцәа агәалашәаратә ԥараҿырпқәеи абанкнотқәеи иназыцҵоу рҭыжьра ақәиҭымзаара алагалара азԥхьагәарҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа агәалашәаратә банкнотқәеи агәалашәаратәи аинвестициатәи аԥараҿырпқәеи ахархәаразы ралагалара азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Дмитри Маршьан. Иара иарбоу азакәан апроект хықәкыс иамоу Аԥсны Абанк ала уаанӡа иҭыжьыз агәалашәаратә ԥараҿырпқәеи абанкнотқәеи иназыцҵоу аемиссиа иахҟьаны ахә амариахара аԥхьырҟәҟәаара ауп ҳәа иазгәеиҭеит.