Уи азы Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аӡбаратә мчра азы» Ареспублика Аԥсны Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 94 аиҭакрақәа аларгалеит.
Уи «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәазы» азакәан иақәшәоит. Иарбоу азакәан инақәыршәаны, анорма-зинтә шәҟәынҵақәа аоригинал абызшәаны иҟоу аҳәынҭқарратә бызшәа ауп.