Иалагалоу аиҭакрақәа уаанӡа иҭыжьыз агәалашәаратә ԥараҿырпқәеи абанкнотқәеи аԥхьанатә иарԥшыз атираж ахыхь аемиссиа ақәиҭымзаара азԥхьагәарҭоит.
28.Абҵара.2024
Адепутатцәа агәалашәаратә ԥараҿырпқәеи абанкнотқәеи иназыцҵоу рҭыжьра ақәиҭымзаара алагалара азԥхьагәарҭеит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа агәалашәаратә банкнотқәеи агәалашәаратәи аинвестициатәи аԥараҿырпқәеи ахархәаразы ралагалара азы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит адепутат Дмитри Маршьан. Иара иарбоу азакәан апроект хықәкыс иамоу Аԥсны Абанк ала уаанӡа иҭыжьыз агәалашәаратә ԥараҿырпқәеи абанкнотқәеи иназыцҵоу аемиссиа иахҟьаны ахә амариахара аԥхьырҟәҟәаара ауп ҳәа иазгәеиҭеит.