Апрораб Рамаз Нарманиа иажәақәа рыла, ашкол ареконструкциа азы аусурақәа ирылагеит ҳазҭоу ашықәс ааԥынра алагамҭазы. Ахыбраҿы шьаҭанкыла ахыбгьи аԥенџьырқәагьы рыԥсахит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ихадоу аетап алагеит аҩныҵҟатәи аҩкаагақәа зегьы рықәгарала.
«Уажәы аҭыӡқәа ҿыц ишьыхуп, ҳаԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп адашьмеи аҭуанқәеи рыҟаҵара», - ҳәа иҳәеит Рамаз Нарманиа.
Иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит аргыларатә усурақәа рхыркәшара цәыббрамза 2025 шықәсазы ишазԥхьагәаҭоу. Уи ашьҭахь даҽа шықәсык аҩныҵҟа ашкол аматериал-техникатә еиқәыршәара азҵаара ӡбахоит.
«Апроект анагӡара аграфик инақәыршәаны имҩаԥысуеит, ҳкоманда уи ианаамҭоу ахыркәшаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Рамаз Нарманиа.
«2026 шықәсазы Цандрыԥшь аҳаблан аԥсуа школ раԥхьатәи аҵаҩцәа аднакылартә иҟалоит, ахәыҷқәагьы рхатәы бызшәала аҵара азы алшара роуеит», - ҳәа илҳәеит Мадина Ажьиба.