Акыр иаԥсоу Sputnik-Аԥсны ажурналистцәа, егьырҭ аусзуҩцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа,. Ажәабжь бзиақәа рызнашәгалааит еснагь шәзыӡырҩцәа!
Ҳаҭырла, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо
Б.З.Гәынба.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба Sputnik-Аԥсны аколлектив ирыдиныҳәалеит жәларрыбжьаратәи аинформациатә Маҵзуреи арадиои рхаҭарнакра Аԥсны иаадыртиижьҭеи жәашықәса аҵра.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
Ҳаҭыр зқәу Sputnik-Аԥсны аколлектив! Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит жәларрыбжьаратәи аинформациатә Маҵзуреи арадиои Аԥсны иаадыртиижьҭеи 10-шықәса аҵра. Ари аамҭа иалагӡаны Аԥснытәи аинформациа ахархәагақәа рҭаацәараҿы иаанышәкылеит аӡәы иламҩашьо шәҭыԥ. Зықьҩыла аԥхьаҩцәа шәара есымша ирызнашәгоит ажәабжьқәа, ирзыԥшуп аинтерес зҵоу аиҿцәажәарақәа рыла ишьақәгылоу шәрадиодырраҭарақәа. Лымкаала иазгәасҭарц сҭахуп, уи азы Аԥсны анапхгара рыхьӡала иҭабуп ҳәагьы шәасҳәоит шәусураҿы аԥсуа бызшәа ахархәара бзиа ахьамоу азы. Аҵак ду амоуп иара убас Sputnik-Аԥсны аԥшьгарала лассы-лассы аҟазацәа алархәны еиҿышәкаауа Аԥснытәи ажурналист ҿарарацәа рзы аҽазыҟаҵарақәа.
Акыр иаԥсоу Sputnik-Аԥсны ажурналистцәа, егьырҭ аусзуҩцәа, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа,. Ажәабжь бзиақәа рызнашәгалааит еснагь шәзыӡырҩцәа!
Ҳаҭырла, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо
Б.З.Гәынба.