Items filtered by date: Ахәаша, 31 Хәажәкыр 2023

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  86-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит Аџаьатә Бираҟ Ҟаԥшь Аорден акавалер, «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара занашьаз, Аԥснытәи АССР ахәаахәҭра аминистр, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутат, 1993 – 2005 шш. Ареспублика Аԥсны афинансқәа рминистр Бганба Лили Дугәыж-иԥҳа.  

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҭижьыз Ақәҵара ала иаԥҵоуп Лили Бганба лыԥсыжра аиҿкааразы аҳәынҭқарратә Комиссиа. Акомиссиа напхгара аиҭалоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥысуеит мшаԥымза 3,  14:00 сааҭ рзы, Аҟәа ақалақь, Гәлиа имҩаду, аҩны №24 аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны атәылауаа мшаԥымза-рашәарамза, 2023 шықәсазы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара рыҭара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Атәылахьчара Аминистрра аҭакԥхықәра адуп:

- мшаԥымза-рашәарамза 2023 шықәсазы Аԥсны атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара амҩаԥгара алыршара;

- арратә маҵзура ахь ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара анапхгараҭареи ахылаԥшреи рыҭара;

- Ԥхынгәымза 31, 2023 шықәсанӡа мшаԥымза-рашәарамза, 2023 шықәсазы Аԥсны атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡарахь ааԥхьара рыҭара аихьшьаалақәа рзы адыррақәа аминистрцәа Реилазаара ахь инашьҭызароуп.  

Аҟәа ақалақьи араионқәеи рхадарақәа ԥхықәраны ирыдуп: ааԥхьаратә комиссиақәа раԥҵара;

- ааԥхьаратә комиссиақәа иахәҭоу атерриториа, ауадақәеи амазареи атранспорти абылтәи-ахьшьтәи рыла еиқәыршәазароуп, иара убас  арра ирго ареспубликатә аизгаратә пункт рахь рнагара алыршазароуп;

- ақыҭақәеи апаселкақәеи рхадацәеи егьырҭ арра-зыҟаҵаратә усура азы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәеи арра иргараны иҟоу араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи реилатәарақәа рахь рнеира алыршара азы аҭакԥхықәра рыдҵоуп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иаԥхықәроуп: Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә уалԥшьа анагӡаразы ааԥхьара иадҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы ареспубликатә, араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи реилазаарақәа ирылагалазароуп ахылаԥшырҭа ахаҭаранакцәа;

- арратә уалԥшьа анагӡара иацәхьаҵуа ахаҿқәа рыԥшаара иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара алыршазароуп.

- Агәабзиарахьчара Аминистрра иаԥхықәроуп: Арра ирго рмедицинатә гәаҭара амҩаԥгара азы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь аҳақьымцәа-аспециалистцәа ралагалара;

- араион аҿы иахәҭоу аҳақьымцәа-аспециалистцәа рыҟамзаараан аусуразы ааԥхьаратә комиссиақәа реилазаарақәа рахь егьырҭ араионқәа, ма Аҟәа ақалақь аҟынтәи аспециалистцәа радыԥхьалара мҩаԥгазароуп;

- араионтә ааԥхьаратә комиссиақәеи Аҟәа ақалақь ааԥхьаратә комиссиеи рыла арентгенологиатә, афлиуорографиатә, алабораториатә, уҳәа аҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара алыршазароуп.

Ареспубликатә медицинатә комиссиа амҩаԥгара аамҭахәҭа иалагӡаны еиҭаҵуа афлиуорограф ала аиқәыршәара хымԥадатәиуп;

- атәылахьчара Аминистрра алархәны ааԥхьаратә комиссиақәа  акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҽацәыхьчара азы ихымԥадатәиу ахархәагақәа рыла еиқәыршәазароуп;

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқандр Анқәаби Башкортосҭан Ахада Ради Хабирови Аҟәа ақалақь аҿы «ахәаахәҭра-економикатә, анаука-техникатә, асоциалтә, атуристтә, акультуратә усхкқәа рҿы жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәи аимадарақәа рынагӡара азы» Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Башкортосҭани (Урыстәылатәи Афедерациа) рнапхгарақәа рыбжьара Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.   

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика аофициалтә делегациа напхгара азҭо Башкортосҭан Ахада Ради  Хабирови Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аҟәа ақалақь, Ахьӡ -Аԥша апарк аҿы игылоу, 1992 – 1993шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз афырхацәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи ганрацәала ацхыраара рынаҭалоит, арҭ аҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа хатәгәаԥхарала иалырхыз, жәларбжьаратәи азин ала ишьаҭарку Урыстәыла ахь аинтеграциа арӷәӷәара анагӡара адгылара аҭара иацнаҵоит. Абри атәы азгәаҭоуп ахәаша, хәажәкырамза 31 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ишьақәирӷәӷәаз Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика аконцепциа ҿыц аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Сухум.  31 марта 2023. Апсныпресс. МИД РА объявляет прием документов от граждан Абхазии для участия в конкурсном отборе на обучение в Дипломатической академии МИД РФ по программам магистратуры и аспирантуры.

Участие в конкурсе на поступление возможно на следующие программы магистратуры:

Икьыԥхьуп Новости

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны атәылауаа рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа аҭалареи амагистратуреи аспирантуреи рыпрограммақәа рыла аҵара аҵареи  рзы аконкурстә лыԥшаара алахәхаразы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа рыдкылара ишалаго азы алаҳәара ҟанаҵоит.

Аҭаларазы аконкурс алахәхара ҟалоит абарҭ амагистратура апрограммақәа рыла:

- ахырхарҭа «Аекономика», апрограмма «Жәларбжьаратәи аекономикеи абизнеси»;

-  ахырхарҭа «Азиндырра», «Жәларбжьаратәи ауаажәларратә зин», «Жәларбжьаратәи аекономикатә зин» апрограмма;

-ахырхарҭа «Менеџьмент», «Адәныҟаекономикатә усуреи ашәарҭарақәа рнапхгараҭареи» апрограмма (латәарадатәи аҵара аформа).

Аспирантура аҭаларазы аконкурс алахәхара алыршахоит анаукатә  занааҭқәа ргәыԥқәа «Аекономика», «Азин»; «Аҭоурыхтә наукақәа», «Аполитологиа».

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа.  Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса  Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа Аԥсныҟа иааз Ареспублика Башкортосҭан анапхгаратә делегациа аилазаара аҿы иҟоу аҵареи анаукеи рминистр  Аибулат Хажин диԥылеит.

Аиԥылара иалахәын иара убас аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиеи Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь адиректор Светлана Габлиеи.

Инал Габлиа асас бзиала уаабеит ҳәа иаҳәо аганқәа анаҩстәи аусеицура шрыбжьало азы агәыӷра шимоу ааирԥшит.  

«Иахьа ҳара Башкортосҭанынтәи ахәыҷқәа рзы потенциалла ахархәара заур алшо аобиектқәа ҳарҭаараны ҳаҟоуп. Иара убас ҳколлеџьқәа рыбжьара аусеицура абжьаҵара ҳалацәажәоит, анаҩс анапхгарабжьаратәи аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит. Исымоу алшара схы иархәаны, шәколлегацәеи шәареи жәларбжьаратәи аԥхынратәи ашкол «Ашықәс арҵаҩы» алахәхара азы ааԥхьара шәысҭоит», - ҳәа иҳәеит аминистр.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аекономика Аминистрра аҟны имҩаԥысит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани Аԥсныҟа аусуратә визитла иааз Ареспублика Башкортосҭан аделегациа ахаҭарнакцәеи реиԥылара, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аекономика Аминистрра апресс-маҵзура.

Аиԥылара рхы аладырхәит Ареспублика Башкортоҭан Анапхгара аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ – акономикатә ҿиареи аинвестициатә политикеи рминистр Русҭам Муратов, адәныҟаекономикатә еимадарақәеи аконгресстә усуреи рминистр Маргарита Болычиовеи ааглыхра, енергетикеи аинновациақәеи рминистр ихаҭыԥуаҩ – Валери Галиев.

Аԥсуа ган аҟынтәи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнаҩс аиԥылара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Теимураз Миквабиеи Емма Голеузовеи.

Ареспубликақәа рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура аҿиара иазкыз аиԥылара аҿы аганқәа аекономикатә усеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәжәеит.

«Башкириеи Аԥсни акыр шықәса раахыс аимадарақәа рыбжьоуп, урҭ шьақәгылеит Аԥсны азы акыр иуадаҩыз аамҭа азы. Ҳҭоурых аҟынтәи ҳара иаадыруеит аибашьра анцоз ахәрақәа зауз ҳаибашьцәа Башкортосҭан амедицинатә цхыраара шроуаз, 100-ҩык инареиҳаны астудентуәа Башкортосҭан аҵараиурҭақәа рҿы аҵара рҵеит, иреиҳаӡоу аҵарадырра роуит. Мҽхакы ҭбаала агуманитартә цхыраара Аԥсныҟа иаауан. Ҳара уи ҳхашҭраны ҳаҟаӡам. Иахьа ҳара ҳаизыҟазаашьақәа иҿыцу аҩаӡара ахь ицәырҵуеит, аперспектива азы апланқәа шьақәҳаргылоит», - ҳәа илҳәеит Кристина Озган.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа

Аҟәа. Хәажәкырамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризми асасдкылареи русхкы аҿы аусеицура аҿиара хықәкыс иҟаҵаны, атуроператорцәа – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Вояж» Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Тархан» Ареспублика Башкортосҭан – атуризм аусхкы аҿы аусеицура азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

«Атуризм асоциал-економикатәи акультуратә ԥсҭазаареи рҿы акырӡа зҵазкуа усхкны иԥхьаӡаны, Аԥсни Башкортосҭани, атуризм аусхкы аҿы акыраамҭатәи аусеицура азы азхиара аарԥшуа, уи азы ихымԥадатәиу аиҿкааратәи, азинтәи, аметодологиатә шьаҭақәа раԥҵара азы агәазыҳәара рыманы, атуризм аусхкы аҿы аусеицура азы аиқәшаҳаҭра абжьаҵара аҟынӡа инаӡеит», ҳәа иазгәаҭоуп аиқәшаҳаҭра апреамбула аҿы.

Икьыԥхьуп Ажәабжьқәа
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.